Sputnik амчыбжь: еиҭах аԥкрақәа, "Амшынеиқәафымцамч" азыԥхьагәаҭарақәа

© Sputnik / Роберт ДжопуаИнгур ГЭС.
Ингур ГЭС. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари амчыбжь азы Аԥсны иалацәажәон аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, афымцамч асистема апроблемақәа, аԥкырақәа ралагалара.

Еиҭах аԥкырақәа шалагалахо атәы иалацәажәоуп, ахада Аслан Бжьаниа Гагреи Очамчыреи дырҭааит, "Амшынеиқәафымцамч" аҿы афымцамч адефицит иахҟьаны иҟалар зылшо атәы рҳәеит.

Ахада аревизиақәа мҩаԥигеит

Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа азгәарҭоит. Ари амчыбжь азы лыԥсҭазаара далҵит COVID-19 зыдбалаз аԥҳәыс бырг. Аоперативтә штаб аҿы ишазгәарҭаз ала, 84 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс мышқәак аҩны лҽылхәышәтәуан, ацхыраара ласы аҳақьымцәа аҳауазымхара шлымаз азгәарҭеит. Лара ахәышәтәырҭахь лгара анаԥшьырга лгәы аангылан дыԥсит.

Президент Аслан Бжания посетил гудаутскую ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо

Цәыббра 15 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аслан Бжьаниа дызлахәыз Акоординациатә штаб аилатәара.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ишиҳәаз ала, ареспубликаҿы ачымазара алаҵәара аҽахьарҭбаауазы амедусҳәарҭақәа зегьы рҿы аблок ҷыдақәа аԥҵахалоит акоронавирус асимптомқәа иреиԥшу асимптомқәа змоу ауаа рышьҭаҵаразы. Уи аус мҩаԥгатәуп цәыббрамза нҵәаанӡа, иаҭаххоит хә-миллионк мааҭ.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб агәра диргеит иаҭахны иҟоу аԥарақәа шыԥшаахо азы.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аиҳабыра рганахьала массалатәи ауснагӡатәқәа ԥктәуп ҳәа лҳәеит.

Лара лгәаанагарала аҳәынҭқарра иауалуп агәмырҿыӷьратә, аныҳәа-гәырӷьаратә массатә уснагӡатәқәа раанкылара, аԥсыжрақәа ауаа рацәа раламырхәра.

Акоординациатә штаб аилатәара ашьҭахь атәыла ахада Аслан Бжьаниеи Агәабзиарахьчара аминистри Афинансқәа рминистри Гәдоуҭатәи агоспиталь иаҭааит. Ахада амедперсонал дрыҿцәажәеит, игәеиҭеит акомпиутертә томограф амонтаж шымҩаԥысуа, иҳәеит аҿкра змоу аус рыдызуло амедицинатә усзуҩцәа аԥаратә гәазыҟаҵара шрыҭахо.

Аҽазныкгьы аԥкрақәа

Аԥсны ахада ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иаҭаны аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аԥкрақәа азинмчы роуеит жьҭаара 5 инаркны.

Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус иахырҟьаны аԥкрақәа жьҭаара 5 инаркны иалагалахоит

Аусдҵа инақәыршәаны: ачарақәеи егьырҭ аныҳәатә уснагӡатәқәеи аанкылатәхоит. Аԥсыжрақәа рҿы акәзар, ауаа рмаҷра азԥхьагәаҭатәуп; Ауаажәларратә крыфарачаратә обиектқәа хымԥада аишәақәа рыбжьара метраки бжаки еиҵамкәа адистанциа аздырхиароуп, амаҵзуратә персонал ахыхьчагатә хархәагақәа ныҟәыргозароуп; Афатә аалыҵи, ақыҭанхамҩатәи, ацәамаҭәатәи џьармыкьақәа рхадарақәа рнапы ианҵатәуп есыҽны апрофилактикатә рзҩыдара мҩаԥыргаларц, рҵакырақәагьы налаҵаны. Аҭиҩцәа ракәзаргьы ахыхьчага хархәагақәа рымазароуп; Аҭыԥантәи ахадарақәа есыҽны ауаажәларратә транспорт аҿы апрофилактикатә рзҩыдара амҩаԥгара, арныҟәцаҩцәа ахалахыхьчагақәа рныҟәгара аиҿкаара рнапы ианҵоуп.

Уи адагьы Агәабзиарахьчара аминистрра жьҭаара 15 рҟынӡа анапы ианҵоуп: Аԥсны, Аҟәа ақалақьи араионқәеи иахьрыҵанакуа иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны авирус змоу ахаҿқәа рнагарҭа ҭыԥқәа разырхиара. Аԥсны афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп аԥаразоужьра мҩаԥнагарц Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура аусуҩцәа рыштаттә хыԥхьаӡара ааҩык рҟынӡа аизырҳара ахарџьқәа ршәаразы.

Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иазиԥхьаӡоит аҵаратә процесс аанкылара ахәҭаны иҟам ҳәа. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит иара Аслан Бжьаниа дызлахәыз акоординациатә штаб аилатәараҿы.

Дистанционное обучение школьников в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистрра: COVID-19 иахырҟьаны ашколқәа раркра макьана иаҭахны иҟам

"Макьаназ аҵаратә процесс ҳзаанкылом, Асанитартә-епидемиологиатә маҵзура абжьгарақәа мҩаԥаагалароуп. Уаанӡа ишысҳәахьаз еиԥш, ашәарҭара иҭагылоу арҵаҩцәа зыԥсахша ҳаԥшаауеит. Уи апроблема аӡбуеит. Убри аан аӡәгьы издырам уаҵәы, уаҵәашьҭахь иҟало", - иҳәеит иара.

Ада ԥсыхәа ҟамлар адистанциатә ҵарахьы ииастәуп, уи иацу атехникатә проблемагьы ӡбатәуп, ҷыдала апланшетқәа рыла аиқәыршәарала ҳәа иҳәеит Габлиа.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аиҳабыра рахь иахәҭаны иҟоу реиқәыԥхьаӡа нарышьҭырц, ашколқәа иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы.

"Шәара аматериал азшәырхиа, ашколқәа рҟынтә аинформациа еидышәкыл. Аҳәынҭқарра уи инақәыршәаны иахәҭоу аусқәа мҩаԥнагоит. Сгәы иаанагоит азҵаара ҳаӡбап ҳәа", - иҳәеит ахада.

Араионтә еиԥыларақәа

Ари амчыбжь азы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив реизара аҿаԥхьа дықәгылан. Аиԥылараан ирзааҭгылан ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт, хылаԥшра змам амаининг, афымцалашара аԥара ахымшәаара апроблемақәа ртема.

Иара иҳәеит ареспубликаҿы афымцамч ахархәаразы ауал рацәа шыҟоу, ахәԥса 40 копеи киловатт-сааҭк азы ҵаҵӷәык шамам. Ахада иҳәеит аусурақәа шымҩаԥысуа амаининг фермақәа раарԥшразы.

Иара убасгьы иҳәеита ҳәынҭқарра антикризистә уснагӡатәқәа активла аус шрыдыруло.

"Иахьа апандемиа аамҭазы ареспублика аекономикатә ҿиара амоуп ҳәа сызҳәом. Ус ҳҳәар уаанӡатәи 15 нызқь иҟалоит атәанчахәқәа ҳәа зҳәоз ҳреиԥшхоит. Сара сыжәлар сызжьом", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз Гагра араион актив аизараҿ тема хаданы иалацәажәан абиуџьет адефицит ахь икылызгаз араион анаплакқәа ашәахтәқәа ахьырымшәо.

Араион ахада Иури Хагәышь ахада иирдырит 600-ҩык инарзынаԥшуа ашәахтәшәаҩцәа ашәҟәы ишҭагалам. Бжьаниа иҳәеит аиҳабыра абри аганахьала аус дырӷәӷәар шакәхо.

Аслан Бжьаниа Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианиҵеит ашәахтәқәа зымшәо рус Апрокуратура хадахьы инарышьҭларц.

Агәҭынчымра цәырызго аԥеиԥш

Амчыбжь азы ацәажәарақәа цәырнагеит иазыԥхьагәаҭо ЕгрыГЕС 2021 шықәсазы аанкылара.

Электрическая лампочка - Sputnik Аҧсны
Жьҭаарамза инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара иалагар ауеит

Асоциал-економикатә ҭҵаара Ацентр аилатәараҿы "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-технологиатә напхгаразы адиректор Руслан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит 2020-2021 шықәсқәа рзы ЕгрыГЕС аанкылара азыԥхьагәаҭаны афымцамч адефицит иартәараны иҟоуп миллиардки 404 миллион киловатт сааҭ ҳәа.

2021 хәажәкыра-лаҵара рзы мацара адефицит ахҩаразы, ауаа афымцалашара рымымхуа, аамҭа-аамҭала имырцәо иаҭаххоит 700 миллион киловатт сааҭ урыстәылатәи афымцамч аиагара.

Цәыббра 17 азы афымцамч аамҭа-аамҭала арцәара азҵаара иалацәажәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи ИАЕ "ЕгрыГЕС" анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониеи.

ИАЕ "ЕгрыГЕС" анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа иазгәеиҭеит абҵареи ԥхынҷкәыни рзы афымцатә ҳақәа еиҳаны ахьанҭара ишаҵало.

"Иҟалоит ацәаҳәақәа ирзымычҳауа иҟаларгьы. Уажә ҳашцо ала жәабран 15 рҟынӡа (ЕгрыГЕС анаанкылахо) адефицит 150 миллион киловатт-сааҭ ҟалоит", - иҳәеит Мебониа.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан жьҭаара 1 инаркны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара азҵаарақәа.

Цәыббра 18 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит аҟазауаа Очамчыра араион аҿы акриптовалиута амаининг азы афермақәа быжьба шыԥшааз. Дара рзеиԥш мчхара 3МВТ иҟан. Афермақәа даҽа ҩба аусура иазыхианы иҟан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0