Атестқәа рызҵаара: избан Аҟәа COVID-19 ашьақәырӷәӷәаразы агәаранқәа зыҟоу

© SputnikОчередь у инфекционной больницы
Очередь у инфекционной больницы  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 21 ашьыжь 70-ҩык инарзынаԥшуа ауаа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы игылан COVID-19 азы анализ аҭаразы.

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра 21 ашьыжь ауаа рацәаны Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы гәаран ҟаҵаны игылан COVID-19 азы анализ аҭаразы, аха зегьы зызнеиз рзыҟамҵеит. Sputnik аинтервиу азҭаз ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадина Быҭәԥҳа иазгәалҭеит авирус атест аҭаразы аматериал шыԥку.

"Ҳахәышәтәырҭа ПЦР-мазокқәа ргара мҩаԥнагоит, аха мышказы иҳарҭо 20 ПЦР-тест роуп. Иахьымӡаз адырҩаҽны дааиуеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Аҳақьым хада лажәақәа рыла, атестқәа рхыԥхьаӡара змаҷу абактериологиатә лабораториаҿы анализ аҟаҵара иахьзахьымӡо ауп.

"Ҳара иҳалшоит еиҳаны ПЦР-мазокқәа ргара, аха урҭ нас ранализ алабораториаҿы аҟаҵара иахьӡаӡом. Убри азоуп ахыԥхьаӡара зыԥку", - ҳәа лҳәеит Быҭәԥҳа.

Роберт иԥҳәыси иареи ашьыжь асааҭ ааба рзы арахь иааихьан. Абри аамҭазы агәаран иқәгылаз асиақәа ҟарҵахьан. Дара 23-тәи аномер ахь иақәшәеит. Роберт иԥҳәыс лшоура ҳаракуп ҩымш раахыс. Аҳақьым иконсультациа ашьҭахь арахь даарышьҭит.

"Асааҭ 9 шыҟоу атестқәа ааргоит рҳәеит. Аха ауаа рацәахеит, асиагьы иацлеит. Жәаба рыбжазы атестқәа ааргеит. Идәылҵыз аҳақьым иҳалалҳәеит атестқәа 20 шракәу иҟоу, аҳәара ҟалҵеит ахәыҷқәеи аинвалидцәеи аԥхьаҟа инашьҭызарц. Еизаз агәынамӡара аадырԥшит. Иҟан изныкымкәа иааихьаз. Ус акә егьыс акә 20-ҩык рҟынтә атестқәа ргеит. Егьырҭ еимыҵит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Апроблема далацәажәеит асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Атестқәа ранализ ахьыҟарҵо Ареспубликатә санитартә бактериологиатә лабораториаҿ. Алшарақәа ԥкуп. Иалшоны иҟоу 140-200 ҭҵаара рымҩаԥгара заҵәык ауп. Иахьазы Аԥсны иҟоу абазаҿы 500-1000 ҭҵаара ҟалашьа амаӡам", - ҳәа лҳәеит лара.

Экспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашкол №1 арҵаҩцәа COVID-19 азы атестқәа ирхысуеит

Лиудмила Скорик иазгәалҭеит ахәышәтәырҭақәа рҿы абиологиатә материал шакәу ирго.

"Алабораториа абазаҿы анализ ззыҟаҳҵо 200 тест ареспублика зегьы азы еихаҳшоит. Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭақәа зегьы рҿы 55 биоматериал роуп иаагоу. Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҟынтә – 20. Аҟәа иахьаҵанакуа абиоматериал ргоит Ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы, Аҿкчымазаратә хәыәшәтырҭаҿы. Зехьынџьара ишьақәыргылоуп алимит", - ҳәа лҳәеит лара.

Лиудмила Скорик иазгәалҭеит иаауҭахханы анализ аҭараз ишнеитәым.

"Ауаа рацәа ахьыҟаз џьара шәыҟазар, шәхы гәашәҭар шәҭахызар, шәызныруаз ачымазара рымазу ирымамзу жәдыруазароуп. 14 мшы ауаҩы ихы ԥхьакны дыҟазароуп. 14 мшы инеиԥынкыланы аӡәгьы шәизгәаҭаӡом. Алабораториа 14 мшы шәанализ азгаӡом. Асимптоматика шәхы иадшәымбалозар ачымазцәа ҟалар ахьалшо аҭыԥ ахь шәызнеиуеи!" - ҳәа лҳәеит лара.

Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашкол адыркит акоронавирус злаз арҵаҩы лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь

Уаанӡа Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан асанитар-бактериологиатә лабораториа азыԥхьагәаҭоуп Гагра ма Пицунда ҳәа, аха макьаназы ареспубликаҿ аус зуа Аҟәатәи алабораториа мацара ауп.

Иахьатәи аамҭазы аоперштаб адыррала Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 99-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 97-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп фҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0