Адепутатцәа атәыла ахада иҳәеит Аиааира Амш азы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥымгазарц

© Sputnik / Томас ТхайцукБессмертный полк в честь Дня Победы в Сухуме
Бессмертный полк в честь Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент алахәылацәа амассатә уснагӡатәқәа иара усгьы ишәарҭоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәартәыр алшоит ҳәа ишәоит.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Апарламент адепутатцәа Аиааира Амш 27 шықәса ахыҵразы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥымгазарц азы Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ахьыҟарҵо ақәҵара рыдыркылеит ҳәа иҳәоит Апарламент аилатәараҿы адепутат Илиа Гәниа.

Архивное фото СИЗО в Дранде - Sputnik Аҧсны
Аиааира Амш аламҭалаз Аԥсны амнистиа рылаҳәахоит

"Ареспубликаҿ еиҳа-еиҳа аҭагылазаашьа цәгьахоит. Уи ус шакәу аҳәоит COVID-19 иахырҟьаны ахәышәтәырҭақәа ирҭашәо рхыԥхьаӡара. Аиааира 27 шықәса ахыҵра амш ҳҿаԥхьа ишьҭоуп. Традициала абри амш азы арахь иаауеит асасцәа рацәаҩны – хатәгәаԥхарала еибашьуази рҭаацәарақәа рлахәылацәеи, еиуеиԥшым аделегациақәа. Дара қәрала иуашәшәыроу агәыԥқәа ирыҵаркуеит. Ус анакәха аҭакԥхықәра ҳаҵагылароуп урҭ ааҳаԥхьозар", - иҳәоит Илиа Гәниа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аепидемиа инадҳәаланы ишахыгаз Владислав Арӡынба ииубилеи иазкыз ауснагӡатәқәагьы.

"Аиааира Амш азы иазԥхьагәаҭан амассатә уснагӡатәқәа, апарад. Ҳара ҳгәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны урҭ зегь мап рыцәктәуп. Мап анакәха, ҳаззымиааиуа аҭагылазаашьа ҳаур алшоит. Убри азы ҳаилацәажәаны иҳаӡбеит ахада иахь аҳәара ҟаҳҵарц", - иҳәеит адепутат.

Апарламент адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит. Ақәҵараҿ Аиааира Амш 27 шықәса ахыҵразы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥымгазарц Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ҟарҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0