Ҳҭаацәа ҳшырцәыӡыз: ахәыҷрантәи гәалашәарак

© Sputnik Бадри ЕсиаваОбщественный транспорт в городе Гудаута
Общественный транспорт в городе Гудаута - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа илгәалалыршәоит лхәыҷраамҭазы лҩызцәеи лареи зыниаз игәырԥшаагоу ахҭыс.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы схәыҷра иадҳәалоу агәалашәарақәа срызхьаԥшуа салагеит. Иҟоуп сзырлахҿыхуа, убас сылаӷырӡ аазго, иҵаулаӡаны сгәы иҭаҵәаху. Иахьа ишәзеиҭасҳәоит, хҩык ахәыҷқәа ҳҭаацәа Гәдоуҭа ҳшырцәыӡыз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

1989 шықәса Аԥсны амитингқәеи амлашьра акциақәеи анымҩаԥысуаз аамҭан. Ҳажәлар ӷәӷәала ринтересқәа ирзықәԥон, рҿахәы рҳәон. Ҳаиҳабацәа ражәақәа рыла, усҟан иубаратәы иҟан хара имгакәа аибашьра ишалагоз. Убри ишәарҭаз аамҭазы, ҳара Мгәыӡырхәа ҳанхон. Есышьыжь, шықәсык исеиҵбыз саб иашьа иԥҳа Мадлена Ажьиԥҳаи, класск аҿы илыцтәаз Вадим Ладариеи сареи аҩбатәи асменазы ҳҵара шалагозгьы, нас ҳазго ҟалом ҳәа ақыҭа автобус ҳақәтәаны Гәдоуҭаҟа ҳцон. Нестор Лакоба ихьӡ зху актәи абжьаратә школ ҳҭан.

Ҳара ҳаруаа реиҳабы - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа исыхьуа-ахәыҷроуп, ма гәыӷрала сышҭәыз

Шьыбжьонынӡа аҵараиурҭа ашҭаҿы ҳтәаны ҳурокқәа ҳарзыԥшын, егьараан ҳамлашьуа. Аҩбатәи асмена иахырҟьаны ҳавтобус аҵыхәтәантәи ареис ҳахьӡаӡомызт. Убри аҟнытә, инеимда-ааимдо ҳҭаацәара ааны аҩныҟа ҳаргалон ҳаноурыжьуаз. Зны, Вадим даахыҽхәаны "саб а-Камаз ала даауеит, уаҵәы иара ҳаигоит, бан дмааит" ҳәа Мадлена илеиҳәеит.

Хымԥада, ҳанацәа ҳназго дыҟоуп ҳәа ргәы рҭынчны аҩны иаҳзыԥшын. Ҳара ҳурокқәа анынҵәа, ашкол ашҭаҿы ҳахәмаруа, уажәы-уажәы агәашә ахь ҳнаԥшуа Вадим иаб и-Камаз блала ҳашьҭан. Ҭагалан амш кьаҿхоит, заа алашьцара иалагоит. Ашкол азааигәара инхоз ахәыҷқәа иҳацхәмарны, ихәло ианалага рыҩныҟақәа рахь ицеит. Ҳара ҳмашьына маакәа амза анцәырҵ, ашкол ашҭа нҳажьит ҳлаӷырӡышо.

Автостанциахь ицоз амҩа бзианы иаҳдыруан, аха уахынла ҳамшәози, насгьы ҳазлацоз шыҟамыз ҳдыруан азы ҳахҩыкгьы еимаҭәаны аҵәыуара ҳалагеит. Исгәалашәоит гәашәк аԥхьа игылаз урыс ҭаҳмадак ишәыхьи ҳәа данҳазҵаа, Вадим иаб дшымааз, амлагьы ҳшакуаз иаҳҳәеит. "Шәысҭ, абри шәнацҳа", - иҳәан иаргьы ҳацыԥхьаӡа конфеҭқәак наҳиркит, автостанциахь амҩа ҳарбауа, "ԥшьаала шәца" ҳәа дҳалабжьо.

амлашьра иалахәыз Витали Кациа - Sputnik Аҧсны
Дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан: амлашьра иалахәыз Витали Кациа иҭоурых

"Агәыԥ" еиҳабыз сара аашықәса схыҵуан, егьырҭ быжьба-быжьба. Аха исҳәарц исҭаху, аԥхьашьа бзианы иаҳҵахьан, насгьы ақыҭақәа рхырхарҭақәа ҳдыруан. Автостанциаҿы ҳаннеи, автобус заҵәык гылан Жәандәрыԥшь ҳәа изныз. Уи ахьбжьалоз аҟнытә амҩа ааихуҵәар Мгәыӡырхәа абжьаларҭахь унеиуеит азы ҳгәырӷьеит. Уаанӡа ҳцар, аӡәы ҳашԥаимбари ҳәа ааибаҳҳәан, ҳнақәтәеит иҭацәкакараӡа иҟаз автобус. Минуҭқәак рышьҭахь амашьынарныҟәцаҩгьы дааит. Уамашәа ҳбауа, зықәра наӡаз ахаҵа блала ҳааимидан, "сара агараж ахь сцоит, Жәандәырԥшьҟа акәӡам" иҳәеит. Уи заҳаз ҩаԥхьа еимаҭәаны аҵәыуара ҳалагеит.  Нас, ахаҵа ҳазусҭцәаз, ҳахьынхоз, иҳахҭысыз зегьы еилкааны, ҳҭыԥқәа рҿы ҳартәаны, "шәымшәан, сара шәызгоит" ҳәауа амҩа дықәлеит.

Хыԥсы аӡиас ҳаназааигәаха, ҳанацәа ацҳа иқәланы ишаауаз ҳбеит. Абар иахьыҟоу ҳҳәан, ҳгәырӷьаҵәа амашьынарныҟәцаҩ даанаҳкылеит. "Шәхәыҷқәа аҵхагәҭаны ақалақь иалаҵаны ижәгәаӷьызеи!?" - ҳәа даӷьызаап иара, аха ҳаԥсы ҭаны ҳназгаз ахаҵа иганахь иҭабуп ада ирҳәараны иҟази ҳҭаацәа.

Уи ауха, егьараан еиԥш жәа-километрак шьапыла ҳцеит, ҳанацәа ҳара ҳзы ԥсымшьҭгас рмакәанкәа ирҭаҵаны ирымаз ачеи, ашәи аҵәеи ҳнацҳауа.

Вадим иаб дзымнеи ҳәа шәҵаауазар, уи амҩахь имашьына еихәлацәзаап.

Иацу

Абри ахҭыс жәаха ианысгәалашәа убриаҟара сгәы сыхьит, сылаӷырӡқәагьы аанагеит. Убас ҳанацәеи ҳарҭ ахәыҷқәеи ҳганахь арыцҳашьара самҽханакит, еиҭаҳәашьа амамкәа.

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Машәыршақә иҟамлеит: Саида ахьӡ аныҟәгара лахьынҵас ишсоуз

Иԥсы ҭамзаргьы ҟалоит, насгьы ихьӡи ижәлеи сыздыруам, аха абарҭ аамҭақәа рзы Гәдоуҭатәи автотранспорттә наплакаҟны аус зуаз, Жәандәрыԥшьтәи автобус иақәтәаз амашьынарныҟәцаҩ дазусҭаз еилыскаарц сҽазысшәеит. Гәдоуҭа араионтә еизара ахантәаҩы Роман Базба иабжьгарала, 60 шықәса раахыс еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәгауа, иахьа анаплакы иахагылоу Михаил Лакоба аҭел сизасит. Архив шьҭыхны, урҭ аамҭақәа раан Гәдоуҭеи Жәандәрыԥшьи ирыбжьаз автобус ҩыџьа амашьынарныҟәцаҩцәа Дәрыԥшь инхоз Шульиа Кобахьиеи, Жәандәрыԥшь ақыҭанхаҩы Дорофеи Мишьелиеи инеиҭак-ааиҭакуа ишақәтәаз сеиҳәеит. Кобахьиа иԥсҭазаара далҵижьҭеи акыр ҵуазаап, Мишьелиа иԥсы ҭоуп, аха ари ахҭыс атәы игәаламшәеит, иҭаацәагьы акы иҳәоны ирмаҳацызт. Хымԥада, уи џьашьатәым абырг уажәшьҭа игәы бзиам, игәаламшәо рацәоуп.

Аиашазы издырыр сҭахын усҟантәи ҳаиқәырхаҩ дазусҭоу, аха ианаамҭаз сашьҭалазҭгьы хымԥада иҭысҵаахьазаарын. Ҳанацәагьы усҟан иазҵаартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлеит. Аамҭақәа цәгьан, ацәажәаха имазма амашьынарныҟәцаҩ, амилициа аусзуҩцәа дырбаанӡа дыццакны дцеит.

Амала Кобахьиа иҭаацәара срабадырыр сҭахуп, издыруада акы рзеиҭеиҳәахьазаргьы. Мап анакәха, еснагь гәалас исымазаауеит ҳфырхаҵа ихьӡ ахьдырым…

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0