Дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан: амлашьра иалахәыз Витали Кациа иҭоурых

© Foto / предоставлено семьей Виталия Кацияамлашьра иалахәыз Витали Кациа
амлашьра иалахәыз Витали Кациа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурыхтә хҭысқәа ирыгәҭылакыз, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥараан иҟаз аҭагылазаашьақәеи 1989 шықәсазы амлашьразы аполитикатә акциа иалахәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Витали Кациа ифырхаҵареи дырзааҭгылоит иҩыза Аслан Ҷанба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Витали Кациа Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ № 5 даналга, дҭалоит Максим Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт, аекономикатә факультет. Иара дышқәыԥшызгьы, аполитика еилиргон, ихшыҩ азцон. Амилаҭ-хақәиҭратә ҵысрақәа раан, ақырҭцәа ҳажәлар рзинқәа анырхәаҽуаз, урҭ аҿагылара рызҭоз ахацәа гәымшәацәа рыгәҭа дгылан. Жәлар рфорум "Аидгылара" иналукааша хаҿын. Витали ижәлар ринтересқәа рыхьчареи аҵараҵареи еихьигӡон. Дахьыҟазаалак ихьӡ ҳаракны ирҳәон, ҿырԥшыгас дҟарҵон.

Витали Кациа идунеихәаԥшышьа шыҭбаази, агәаӷь шизҭази, ԥсыцқьарыла зегьы дшырзыҟази ааԥшхьан ашкол данҭаз инаркны. Аррамаҵура дахьахысуазгьы, иуалԥшьақәа дреиҷаҳаны дышрызнеиуаз атәгьы изныкымкәа икомандаҟаҵаҩцәа иалыркаахьан.

1989 шықәсазтәи Гагратәи амлашьратә акциа  - Sputnik Аҧсны
Цкәуа 1989 шықәсазы дызлахәыз амлашьразы: ҳажәлар рзинқәа шыԥкыз дҳарбон

1989 шықәсазы, Витали Кациа активла далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә акциақәа. Аиҳарак аџьабаа ахьибаз Гагра акинотеатр аҿаԥхьа еиҿкааз амлашьра акциаан ауп.

"Витали Кациеи сареи Жәлар рфорум "Аидгылара" ҳаицалан, ҳаибадырит 1986 шықәсазы. Иара ԥсабарала дҟәышын, аха уи адагьы иҟамзар ҟаларын дызмыԥхьацыз асоветтәии аҳәаанырцәтәии асахьаркыратә литературатә ҩымҭақәа. Витали иблабара кәадан, абласаркьа ныҟәигон, есқьынагьы ҳиеиҷаҳаны иабжьаҳгон иблақәа ихьчарц, маҷ иадамхаргьы аԥхьара ааникыларц, аха усҟан иара Витали иакәхомызт", - аҩыза иҟазшьа игәалашәоит Аслан.

Жәлар рфорум "Аидгылара" алахәцәа ахашала Гагра ақалақь азеиԥш нхарҭаҟны аиԥыларақәа мҩаԥыргон, аԥшьашала еиқәшәон Бзыԥҭа ақыҭсовет аҟны. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иахагылаз аиҳабыра, Витали Кациа дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан.

© Foto / предоставлено семьей КацбаГагра акинотеатр аԥхьа1989 шықәсазтәи амлашьратә акциа амҩаԥгаҩцәа. Витали Кациа арыӷьарахьтә актәи.
Дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан: амлашьра иалахәыз Витали Кациа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагра акинотеатр аԥхьа1989 шықәсазтәи амлашьратә акциа амҩаԥгаҩцәа. Витали Кациа арыӷьарахьтә актәи.

"Борис Кьахьыриԥа, Лиова Гыцба, Артур Канџьариа уҳәа реиԥш иҟаз ажәлар еидкыланы измаз ауаа хатәрақәа, ахацәа нагақәа уамашәа иубаратәы раасҭа ҩынтә қәрала еиҵыз аҷкәын аԥсуа интересқәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа рыӡбараан игәаанагара ианазҵаауаз рацәан", - иҳәоит Аслан.

Витали Кациа 1989 шықәсазы Гагра акинотеатр аҿаԥхьа амлашьразы аполитикатә акциа иҽалаирхәит. Усҟан маӡалатәи аиԥыларақәа раан "Аидгылара" аиҳабыра ирӡбахьан амлашьра шеиҿкаахоз, аха уи азы маха-шьахала иӷәӷәаз ахацәа аҭахын. Витали Кациа дыруаӡәкуп, млашьра атәаразы агәаҳәара аазырԥшыз, уимоу мап ицәыркыр ҳәагьы дацәшәаны инақәырӷәӷәаны зкандидатура ықәзыргылаз.

"Амлашьра раԥхьанатә жәҩык алахәын. Сара аҩынтә раан итәақәаз среиуоуп. Ари акциала Асовет Еидгыла иахагылаз ачынуаа ҳганахь ихьаҳарԥшит. Москвантәи, СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа маакәа ҳамгылеит. Иара убасҟангьы, ажурналистцәеи, адепутатцәеи анҳадҵаалоз, ажәлар ргәы иҵхоз апроблемақәеи акциа зыхҟьази ртәы еиҿыршәшәа иразҳәаз Витали Кациа иоуп", - иҳәеит Аслан.

© Foto / предоставлено семьей Кацба1989 шықәсазы амлашьратә акциала уи иалахәыз СССР аиҳабыра иддырбон рыжәлар зҭагылаз ақәымчра
Дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан: амлашьра иалахәыз Витали Кациа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
1989 шықәсазы амлашьратә акциала уи иалахәыз СССР аиҳабыра иддырбон рыжәлар зҭагылаз ақәымчра

Аслан Ҷанба еиҭеиҳәеит, 1989 шықәсазы Қырҭтәыла ахьыԥшымра азхаҵара амш, ақырҭцәа Гагратәи астадион аҿы азгәаҭара анаԥшьырга, аԥсуааи дареи рыбжьара иҟалаз аибарххарақәагьы Витали дышрылахәыз.

"Ҳаԥсадгьыл зымҽхакны иҟаз ақырҭцәа зынӡа ихадырҟьо иалагеит. Аиҳабыратә маҵурақәа рахь аԥсуаа аӡәык-ҩыџьак рыда нарышьҭуамызт, ҳхатәы бызшәа акәзар зынӡа рлымҳа иаҳар ҟаломызт. Ажәакала ари атәылаҟны шьаҭанкыла ҳныӡӡар рҭаххеит. Абарҭқәа зегьы анаҳзымчҳа, насгьы дара рҳәынҭқарратә ныҳәақәа ҳадгьыл аҿы иазгәарҭо ианалага, ҳаргьы иаартны ҳарҿагылеит. 1989 шықәсазы, Гагратәи астадион аҿы ахԥибаҽра аныҟала, Кучухьиӡе зыжәлаз ақалақь аиҳабы икабинеҭ аҵәымаӷ ааҳархеит, убра дҳацын Витали Кациагьы", - еиҭеиҳәоит Аслан.

1989 шықәсазтәи аидысларақәа ақырҭцәа рсабрадақәа рыхнахит. Еилкаахеит хара имгакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра шалагоз.

Бадра Айба  - Sputnik Аҧсны
Аиба: 1989 шықәсазы агазеҭ "Авангард" адаҟьақәа рҿы каламла ҳаибашьуан

Витали Кациа иблабара ахькәадаз инамаданы, акомандаҟаҵаҩцәа зынӡагьы абџьар амԥахь днарышьҭуам ҳәа иалагеит. Аха иара дымӡырҩыкәа, напҭацәыла иҩызцәа дрыхьӡарц дшаҿыз ақырҭцәа дытҟәаны дыргоит. Аамҭакы ашьҭахь аиҭныԥсахлара дақәшәоит.

Витали Кациа мыцхәы дцәажәомызт, зегьы гәыла игон. Ирацәаӡан аибашьра ашьҭахь изхымгоз аҭагылазаашьақәа. 1995 шықәсазы, 30 шықәса зхыҵуаз, аԥсҭазаара ду заԥхьа ишьҭаз, иԥшәмаԥҳәыси ҩыџьа ихшареи ныжьны ихы игәаӷьуеит. Абасала, апатриот Витали Кациа иԥсҭазаара мап ацәикит.

Сынтәа, Витали Кациа дызлахәыз аҭоурыхтә хҭысқәа раахыс иҵит 31 шықәса, иара дыҟамижьҭеи - 25 шықәса... Ақәра ду шниимҵазгьы, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы зышьҭа нзыжьыз аԥсуа хаҵа Витали Кациа дыздыруаз зегьы иахьа уажәраанӡа гәыблыла дыргәалашәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0