Асанепидеммаҵзура аштат жәеизаҩык аусзуҩцәа ацлоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория "Инвитро" начала тестирование на коронавирусную инфекцию
Лаборатория Инвитро начала тестирование на коронавирусную инфекцию  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба "Абаза-ТВ" аефир аҿы цәыббра 29 рзы иҳәеит жьҭаарамза инаркны Ареспубликатә СЕС аштат аизырҳаразы аԥаразоужьра шымҩаԥгахо.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асанитар-епидемиологиатә маҵзура жәеизаҩык аусзуҩцәа ҿыцқәа рнапынҵақәа рынагӡара иалагоит ПЦР-диагностика амҩаԥгашьа аныддырҵалак ашьҭахь ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Адиагностика аҷыдарақәа амоуп, иара атәы ҵатәуп, апрактика умазароуп. Аусура алагаразы аҵара-зыҟаҵаратә курс иахыстәуп. Уи азы Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа абазаҿы аус руеит ставропольтәи амырзачымазара аҿагыларазы аинститут аҟазауаа", - ҳәа лҳәеит лара.

Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәа ҿыцқәа рҟынтәи ԥшьҩык ҳақьымцәоуп, ԥшьҩык – лаборантцәоуп, хҩык - цхыраагӡатә персоналуп.

Сдача выпускных экзаменов в Италии - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны ашколқәа иукьымсуа ашоурашәагақәа рыла еиқәыршәазарц

"Асанитаркеи арзҩыдараҟаҵаҩи ҳҭахуп. Урҭ иҷыдоу аҵара рымамзар ауеит. Акоронавирустә инфекциа аԥыхразы ауснагӡатәқәа ирылахәхар зҭаху дарбанзаалак иакәхар ҟалоит", - ҳәа лҳәоит Скорик.

Уи адагьы Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба "Абаза-ТВ" аефир аҿы иазгәеиҭеит ишаахәоу ахархәагақәа, атест-системақәа, аныхратә материалқәа. Уи алшара ҟанаҵоит анализқәа рхыԥхьаӡара аиҳатәразы.

"ПЦР-диагностика аҩбатәи ацәаҳәа анагӡаразы ихымԥадоу амаругақәа реиқәыԥхьаӡа ҳзынашьҭуп. Уажәы дара ҭзыжьуа урыстәылатәи анаплакқәеи ҳареи ҳаилацәажәоит. Акоммерциатә дгыларақәа ҳзыҟарҵоит, ахәԥсақәа ҳрылацәажәоит. Аԥара шаҳшәалак амаругақәа ҳзааргоит. Аҭҵаарақәа рымҩаԥгарагьы еиҳа ирццакхоит", - ҳәа лҳәеит Лиудмила Скорик.

Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус иахырҟьаны аԥкрақәа жьҭаара 5 инаркны иалагалахоит

Делба ишиҳәо ала, 2020 шықәса аҵыхәанӡа СЕС алабораториа амаҵзуразы 615 000 мааҭ аҭахуп. Амаругақәа раахәареи аныхратә материалқәа раахәареи ирзоужьуп 1,5 миллион мааҭ.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа уаанӡа адҵа ҟаиҵахьан Агәабзиарахьчара аминистрра Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аҵәыҵәри анагара арманшәаларазы аиҿкаара-техникатә уснагӡатәқәа мҩаԥнагарц, Афинансқәа рминистрра уи азы аԥарақәа аԥшаарц. Владимир Делба иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра миллион мааҭ рыхә аусурақәа рымҩаԥгаразы аилаӡара анапы шаҵанаҩыз, Афинансқәа рминистрра урҭ ԥарала ишеиқәнаршәо.

Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аус зуа аԥарацҵа рызшәара мҩаԥысуеит. Апандемиа иаалагазар аахыс аҳәынҭқарра 48 миллион мааҭ ашәарацҵақәа мҩаԥнагахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0