Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп даҽа 65-ҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 1 590-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 590-ҩык, 12-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 65-ҩык иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки игәаҭаз 167-ҩык рахьтә ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 151-ы пациент, урҭ рахьтә 130-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык.

Ахәышәтәырҭа иҭҩаауп быжьҩык апациентцәа. Аҩны зҽыԥхьакны иҟаз рахьтә 25-ҩык ргәы бзиахеит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0