Аԥсны акоронавирус азы атест аҭара шалшо

© SputnikИнфекционная больница
Инфекционная больница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 8 рзтәи арбагақәа рыла Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 2071-ҩык. Урҭ рҟынтәи 811-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 19-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Жьҭаара 5 раахыс Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы ПЦР-диагностиказ заанаҵтәи ашәҟәҭагалара мҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадина Быҭәԥҳа.

"Асиа аҽанҵаразы арахь иааитәуп. Ахәышәтәырҭаа усзуҩ ауаа асиа ианиҵоит. Асиа аҽанҵаразы аҳақьым ушынаишьҭыз азы аршаҳаҭга уцзароуп", - ҳәа лҳәеит Быҭәԥҳа.

Асианҵара мҩаԥысуеит ашьыжь асааҭ жәба инаркны. Зынӡа мышкы ахы-аҵыхәала 20 анализ ҟарҵоит. Иахьазы жьҭаарамза 15 рҟынӡа асиақәа харҭәаауп.

Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы жьҭаара 5 инаркны аԥкырақәа алагалоуп. Арахь иаҵанакуеит амассатә уснагӡатәқәеи ачарақәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0