Аԥсны акоронавирус азы агәаҭарақәа ирыцлоит жьҭаарамза анҵәамҭазы

© Foto / Совет Федерации РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСенаторы Совета Федерации проходят тестирование на коронавирус
Сенаторы Совета Федерации проходят тестирование на коронавирус - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра излаанацҳауа ала, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы мацара ҳтәылаҿы 95 коронавирус хҭыс ҿыц ҟалеит. Ичмазаҩхеит ҳәа иаадырԥшхьоу ҩ-нызқьҩык иреиҳауп.

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны акоронавирус азы агәаҭарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит жьҭаарамза анҵәамҭазы ҳәа адырра ҟалҵеит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"ПЦР-агәаҭарақәа аҩбатәи ацәаҳәазы аԥаразоужьра иаҭаху шьақәдыргылахьеит. Амза 15-20 рзы Аԥсныҟа иаҭаху амаругақәа ааргоит, убри иабзоураны иҟаҳҵо аҭҵаарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Алабораториаҿы аус зуа аспециалистцәа рҩыџьарагьы аус еицырулоит. Уаанӡа аламинартә бокс аҟны аӡәаӡәала аус руазҭгьы, уажәшьҭа ҩыџьа-ҩыџьала ирулоит, русура аамҭеи иҟарҵо аҭҵаамҭақәеи хымԥада ирыцлоит", - ҳәа инаҵылшьит Скорик.

Лара лажәақәа рыла, иааиуа амчыбжь азы аԥаразоужьра ҟалоит хә-нызқь тест-системақәа раахәаразы, урҭ рыбзоурала алаборатори аусзуҩцәа "аамҭақәак ирыдамзаргьы ҭынч аусура рылдыршоит".

Очередь у инфекционной больницы  - Sputnik Аҧсны
Атестқәа рызҵаара: избан Аҟәа COVID-19 ашьақәырӷәӷәаразы агәаранқәа зыҟоу

Скорик излеиҭалҳәаз ала, иахьатәи аамҭазы алабораториаҿы аус руеит Ставропольтәи амырзачымзаратә институт ахаҭарнакцәа аусура иаҿуп. Дара амолекулиартә диагности аҟаҵаразы Аԥсны ахада идҵала аштат ахь игаз 11-ҩык аспециалистцәа ҿыцқәа аҵара дырҵараҿы апрактикатә цхыраара ҟарҵоит. Уи адигностика "100 процентк рыла акоронавирус аҭҵаара иазынархоуп".

Ааҩык аспециалистцәа адиагностика ахаҭа мҩаԥыргалоит, егьырҭ хҩык - атехперсонал роуп - урҭ асанитаркацәа, адезинфекторцәа раҳасабала аус рулоит, ишәарҭоу абиологиатә материал ықәырхлоит.

Асанитартә ҳақьым хада иазгәалҭеит Аԥсны ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ишацло, убри аан атәылауаа рхы акы ишацәырмыхьчо.

Инфекционная больница  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус азы атест аҭара шалшо

"Ачымазара ауаҩы илаҽра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит, ус иҟоу апациентцәа рыԥсҭазаара аиқәырхара цәгьоуп. Сара исцәыуадаҩуп абри атәы алацәажәара, аха иҵегьы атестқәа рыҟаҵара аҭахуп. Уажәшьҭа 250 ракәым, 500 рҟынӡа ҽнак ала иҟаҵалатәуп. Ҳбиуџьет аҟынтәи хә-нызқь цыра атестқәа рзакәым, 15 нызқь рзы аԥаразоужьра аҭахуп. Аха ачымазара ҿкы аанкылара адиагностикала изалшом, аха аԥкрақәа рықәныҟәара, ахыхьчара иалнаршоит. Сгәанала, ари ачымазара зхьымсыц аӡәгьы даанымхеит. Сара исыздыруам уаҳа иҟалар акәу, ауаа аԥкрақәа ирықәныҟәо иалагаразы. Ҳара ҳхаҭақәа ҳҽаанаҳамкылар, ачымазарагьы аангылаӡом", - ҳәа ауаажәлар ргәырҽанырҵарц ҳәо, Скорик иацылҵеит ари аҭагылазаашьа ӡынразы еиҳагьы аҽарцәгьар шалшо, асезонтә хьҭалаларақәа анцәырҵуа аамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0