Бжьаниа Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕА аделегациа идикылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВизит в Абхазию спецпредставителя ЕС по Южному Кавказу Тойво Клаара
Визит в Абхазию спецпредставителя ЕС по Южному Кавказу Тойво Клаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиԥылара иалахәын Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәа Ахеилак ахаҭарнак ҷыда иофис аҿы аполитикатә абжьгаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аполитикатә бжьагаҩ Готтфрид Ханне.

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар.

Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба: ҳшәарҭадара ашьақәырӷәӷәароуп иаҳҭаху

Аиԥылараҿы ирзааҭгылан жәларбжьаратәи аилазаара алархәны Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа апроблема азҵаарақәа. Бжьаниа иазгәеиҭеит 12 шықәса раахыс имҩаԥысуа Женеватәи аиҿцәажәарақәа лҵшәа дук рзаамырԥшит ҳәа.

"Ҳара алҵшәақәа ҟалар ҳҭахуп, иаҳҭахуп амч ахамырхәаразы Қырҭтәыла аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩыр. Арегион аҿы аҭагылазаашьа аицәахарагьы ҳҭахым, аибашьрагьы ҳҭахым. Аӡәгьы ҳиабашьуам, идгьыл имаҳкуам, аха аӡәгьы ҳхатәгьы иаҳҭом. Абри азҵаараҿы адгылара ҳашәҭозар, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Абри ахырхарҭаҿы ахархәара аҭатәуп жәларбжьаратәи аилазаара авторитет", - ҳәа иҳәеит ахада.

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжьаниа Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕА аделегациа идикылеит
Бжьаниа Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕА аделегациа идикылеит - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕА аделегациа идикылеит

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар инаҵшьны иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы аусеицура дшақәгәыӷуа.

"Аԥсни ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарҵаулап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳазлацәажәаша рацәоуп. Сгәыӷуеит еиҿцәажәарыла ԥхьаҟа ацара алҳаршап ҳәа", - иҳәеит иара.

Клаар иара убасгьы иазгәеиҭеит аганқәа Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа апроблема ишалацәажәаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар
Бжьаниа Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕА аделегациа идикылеит - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар

"Евроеидгыла Аԥсны изныкымкәа ацхыраара анаҭахьеит, иагьанаҭоит. Аԥсныҟа хара имгакәа иаараны иҟоуп Агәабзиарахьчараз адунеитә еиҿкаара амиссиа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

ЕЕ аделегациа Аԥсныҟа иааит жьҭара 13 рзы. Урҭ ара рыҟазаара хықәкыс иамоуп Аԥсни аидгылеи реинырра алыршара алацәажәареи COVID-19 иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0