Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы уахыки-ҽнаки рыла 80 ПЦР-анализ ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме
Российский военный госпиталь в Сухуме  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылаоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Фымш ирықәуп Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы арратә медусзуҩцәа акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыдыркылоижьҭеи, адиагностика мҩаԥыргоижьҭеи ҳәа аанацҳауеит Арартә округ апресс-маҵзура.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
COVID-19 Аԥсны: 172-ҩык аҿкы рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы уахыки-ҽнаки рыла 80 ПЦР-анализ ҟаҵаны ақалақь алобараториақәа рахь инарышьҭит. Хымш рыҩныҵҟа зынӡа 280 анализ ҟарҵахьеит.

Иацтәи амш азы агоспиталь ахь ҩыжьҩык наган. Иахьазы уа рыхәышәтәра иаҿуп 42 пациент – акоронавирустә инфекциа ззышьақәырӷәӷәоу. 39-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп, хҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.

Арахь апациентцәа Ацхыраара ласы ала иааргоит. Урҭ рышьҭаҵара азырыӡбоит аучасткатә ҳақьымцәеи дареи реилацәажәарала.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0