Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны ҩымчыбжь рышьҭахь аҿкы шьақәтәар алшоит

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа алаҵәареи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахареи инарыдҳәаланы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа жьҭаара 23 рзы Аԥсны анҭыҵ аус зуа ҳџьынџьуаа амедусзуҩцәа рыцхырааразы ааԥхьара ҟаиҵеит.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсны макьаназы COVID-19 ашьақәтәаратә цәаҳәаҿы имнеицт. Аепидемиологцәа ишырҳәо ала уи ҟалоит ҩымчыбжь рышьҭахь ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 змоу апациентцәа рзы 450 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны

Ачымазара анышьақәтәалак ашьҭахь алаҟәра иалагароуп ҳәа иҳәеит иара. Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит ареспубликаҿы ишазхо иҟоу атест-системақәеи ахәшәқәеи. 

Ҵахнакьиа иҳәеит араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы авирус змоу рзы иҷыдоу аҭыԥқәа шаадыртуа. Џьара-џьара урҭ шеиқәыршәо аҽаџьара азырхиара ишаҿу.

"Ачымазцәа ӷәӷәақәа Гәдоуҭатәи агоспиталь, ма амобилтә госпиталь ахь инаргоит", - иҳәеит аминистр.

Ачымазара змоу реиҳараҩык измоу Аҟәа иаҵанакуеит, избанзар ароуп еиҳарак ауаа рацәа ахьеиланхо ҳәа иҳәеит иара. Убри аан иҳәеит ақалақьқәа рҿы аасҭа ақыҭақәа рҿы аҭагылазаашьа шеиӷьу.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит Аԥсны анҭыҵ аус зуа аҳақьымцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара аҭакс ишыҟоу аҟазауаа Гәдоуҭатәи COVID-госпиталь аҿы аусуразы аара зыгәҭаку ауаа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан дшырԥылаз Москва аус зуа аԥснытәи аҟазацәа, ишалацәажәаз урҭ уажәы Аԥсны русура азҵаара.

Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
COVID аҿагыларазы аԥкырацҵақәа алагалахоит Бжьаниа Москва амедусзуҩцәа данырԥыла ашьҭахь

Аминистр иазгәеиҭеит, аминистрра ашәҟәқәа шынанашьҭуа ҳџьынџьуаа аус ахьыруа ахәышәтәырҭақәа рахь, урҭ аамҭала ареспубликахь аусуразы иоурышьҭырц.

Ҵахнакьиа иҳәеит ԥшьҩык аҟазауаа –Москвеи Санкт-Петербурги аус зуа арахь ишаааауа.

"Аинфекционист, арентгенолог, апульмонолог, апедиатр– дара зегьы COVID-центрқәа рҿы аусуратә ԥышәа рымоуп", - иҳәеит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит иахьазы иҟоу аԥкырақәа шазхо, аха еиҳа хра рыманы иҟазарц азы аԥкырацҵақәа шалагалахало.

Апандемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3952-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1474-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 36-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0