Атуризм аминистр: аҳаиртә баӷәаза аартра акыр иуадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский аэропорт
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазы Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" жәларбжьаратә анбантә код аиуит.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза хымԥада иаарттәуп, аха уи аҟаҵара уадаҩуп иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.

"Изныкымкәа иҳаҳахьеит абаӷәаза абыржәы-абыржәы иаадыртуеит ҳәа. Убри аан иазгәаҭатәуп Аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи ассоциациа Чикаго ақалақь аҿы иҟоу аҟны Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" Қырҭтәыла иатәны ашәҟәы ишҭагало. Ари аус аҿы лассы еиҭакра бзиак ҟалап ҳәа сақәгәыӷуам",- иҳәеит иара.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза астатус аиуит

Уи адагьы аҳаиртә баӷәаза аус ауырц азы аус ауроуп авиаеилахәыра.

"Жәларбжьаратәи анормақәа инарықәыршәаны авиеилахәыра Урыстәыла ма Аԥсны иҭаҩзароуп, убри аан ареисқәагьы Урыстәылеи Аԥсни рыҩныҵҟа имҩаԥысуазароуп. Ари апроект хра ахьынӡамоу сара сакәым ахәшьара азҭаша. Ҳара иҳалшон Аҩадатәи Кипр амҩала ҳцар (Кипрынтәи аҳаирпланқәа аԥхьанатә Ҭырқәтәыла итәоит, нас уантәи адунеи егьырҭ атәылақәа рахь иԥыруеит-аред.) аха уи дипломатиатә шьаҿоуп", - иҳәеит аминистр.

Аԥсны аус зуа авиаеилахәырақәа жәларбжьаратәи ареисқәа рахь инарышьҭуам, уи адагьы реилахәырақәа рсервисқәа рҿы аремонттә усурақәа рзымҩаԥгом иҳәеит Хышба.

"Аҳаирплан дырбаандаҩуеит аоккупациа зызу аҵакырахь иԥыруеит ҳәа",  - иҳәеит иара.

2019 шықәсазы Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" жәларбжьаратә анбантә код аиуит. Апроект инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭан аинвесторцәа абаӷәаза шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0