Аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аурыс-аԥсуа ҳәаа ахыгара аԥдырҟәҟәааит

© Foto / пресс-служба сочинской таможни Пресечена попытка ввезти из Абхазии более 800 пачек сигарет в тайниках.
Пресечена попытка ввезти из Абхазии более 800 пачек сигарет в тайниках.   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконтрабандатә аалыҵи автомабилтә транспорти изгоз имхуп, аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Уи алкаақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылахоит аалыҵ аџьармыкьатә хәыԥса. Аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи амаҵзура аусзуҩцәеи аҳазалхыҩцәеи иааныркылеит аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи амаҵзура аусзуҩцәеи аҳазалхыҩцәеи русеицураан  Урыстәылаҟа Аԥснынтәи зхы хаз амашьына ласы аҵаҿы 197 ҭоԥ (1970 пачка) аҭҭын аалыҵ шыҵәахыз аарԥшын.

Аҳазалхыҩцәа аконтрабандатә аалыҵи автомабилтә транспорти изгоз имырхит, аалыҵ аекспертизахь инарышьҭит. Уи алкаақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылахоит аалыҵ аџьармыкьатә хәыԥса. Аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0