Гәдоуҭатәи аӡбарҭахь инашьҭуп Аԥсны ААИ аусзуҩцәа рҵарҭышагаразы аус

CC0 / / Суд
Суд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша иатәу Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Саид Гарцкьиеи Сасрыҟәа Ҷедиеи аҵарҭыша ргеит ҳәа гәҩарас ирымоуп.

АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада ихнаркәшеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша иатәу Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Саид Гарцкьиеи Сасрыҟәа Ҷедиеи рганахь ала заанаҵтәи аусҭҵаара, аус нашьҭуп Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭахь.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Аҵарҭышагаразы иаанкылаз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа мызкы ҳәа иҭакуп

Уаанӡа Саид Гарцкьиеи Сасрыҟәа Ҷедиеи, аҵарҭыша ргеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны мызкы иҭакын Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала.

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҵарҭыша шыргоз иаанкылан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаԥнагоз аоперативтә експеримент аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Апрокуратура хада адыррақәа рыла, цәыббра 11 рзы амилициа алеитенант Саид Гарцкьиеи амилициа алеитенант еиҳабы Сасрыҟәа Ҷедиеи рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан Гәдоуҭа араион, ААИ астационартә пост "Бамбора" иахьгылаз быжь-нызқь мааҭ аԥара ҵарҭышас иргеит.

Дара амҩатә ԥҟара шеилагаз шьақәдырӷәӷәеит, аха аԥара ганы административтә зинеилагара шыҟалаз азы аԥкаанҵа хадмырҭәааит, "убри алагьы закәанла ихьчоу аҳәынҭқрра аинтересқәа ӷәӷәала еиларгеит". 

Амаҵуратә уалԥшьақәа реилагаразы 10 - 20 нызқь ахараԥса артәоит ма рмаҵураныжьра, ма хәышықәса рыҩныҵҟа усхкқәак рымҩаԥгара азин рымаӡам, мамзаргьы 1-4 шықәса аҭакра. Аҩбатәи ахәҭаҷ иазыԥхьагәанаҭоит 7-12 шықәса аҭакра, амазара амхрагьы нацҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0