Автотуристцәа ирышьҭашәарыцо: Бжьаниа аоперативтә експериментқәа мҩаԥгатәуп иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтличительный знак сотрудников МВД Абхазии
Отличительный знак сотрудников МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имоу адыррала, иахәҭамкәа аԥсшьаҩцәа ртранспорттә хархәагақәа раанкылара русура иамхуп хҩык Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, 15-ҩык алеишәатә ԥарахьырхәра рықәҵоуп.

АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыра реилатәараҟны адҵа ҟаиҵеит "автотуристцәа ирышьҭашәарыцо" раарԥшразы аоперативтә експериментқәа мҩаԥыргарц азы.

"Автотуристцәа ирышьҭашәарыцо еиҳарак ацәгьоуцәа ракәу Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ракәу", - ҳәа азҵаара ықәиргылеит Бжьаниа.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар аусбарҭа аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла, нанҳәа 1 инаркны, аурыс-аԥсуа ҳәаа аартуижьҭеи, аԥсшьаҩцәа рганахьала ацәгьоурақәа 12 ҭаҩуп, уи иартәоит 27,9% ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи. Зынӡа ацәгьоурақәа хәба аарԥшуп, урҭ рахьтә ҩба - ибааԥсу цәгьоурақәоуп.

"Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи иааны зыԥсы зшьо ауаа ртранспорттә хархәагақәа иахәҭаӡамкәа раанкылара ахҭыс иазку Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа анагӡаразы хҩык аусзуҩцәа русура иамхуп, 15-ҩык алеишәатә ԥарахьырхәра рықәҵоуп, есымша агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, есыҽны ареспубликатә трассахь ҳусзуҩцәа цоит, уа зусура ишақәнагам иназыгӡо Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа раарԥшразы аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит", – иҳәеит Дбар.

Аслан Бжьаниа атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба адҵа ииҭеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аоперативтә експериментқәа рымҩаԥгараҟны ацхыраара ииҭарц.

"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аоперативтә експериментқәа рымҩаԥгараҟны ацхыраара иҭатәуп, аԥҟарақәа еилазго раҳасабала ауаа адгалатәуп, иаҭаххаргьы, иаанкылатәуп, документалла зегь шьақәырӷәӷәатәуп. Ауаажәларра ирдыруазароуп уи шбаша цәажәарам, ҳзықәныҟәо аԥҟарақәа шракәу", – ҳәа иаҵшьны иҳәеит ахада.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0