Драндатәи абахҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Драндатәи абахҭаҟны жьҭаара 26 рзы аҭааҩ лыԥсҭазаара дахьалҵыз азы.

АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Драндатәи абахҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, амилициа амаиор Дмитри Амқәаб иганахь ала ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Драндатәи абахҭа аҭааҩ лыԥсра аганахь ала амаҵзуратә усҭҵаара мҩаԥысуеит

Амқәаб имаҵзуратә напынҵақәа инархырҳәҳәаны ихы иаирхәеит ҳәа иԥхьаӡаны имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит Аԥсны ААР аминистр.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла Амқәаб азакәан инақәыршәаны азин иман, иҭакыз иуа-иҭахы, ма егьырҭ ахаҿқәа х-сааҭк рыҩныҵҟа рыцыҟазааразы азин ииҭар, уигьы ашьаус знапаҿы иҟоу ахаҿы, ма аусбарҭа аҩыратә қәшаҳаҭра аҟазаараан.

Аха Амқәаб, жьҭаара 25 рзы аҭакзыԥхықәу иҷаԥшьара аамҭаан аӡбарҭа азин имамкәа Сыҷынааԥҳаи абахҭа иҭакыз Зыхәбеи иаашаанӡа реицыҟазаара азин ҟаиҵеит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу абахҭа аиԥыларатә уадаҟны Аԥсны атәылауаҩ Сичинааԥҳаа А.Т., 2001 шықәса рзы ииз, Аҟәа ақалақь аҿы инхоз лыԥсҭазаара далҵит жьҭаара 26 рзы. Лара уахь днеит жьҭаара 25 рзы, уа иҭаку Зыхәба А.А., 1987 шықәса рзы ииз ибаразы.

Аминистрра апресс-маҵзура ишаҳәо ала лара лыԥсыбаҩ збаз Зыхәба А.А. иоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0