Драндатәи абахҭа аҭааҩ лыԥсра аганахь ала амаҵзуратә усҭҵаара мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото СИЗО "Дранда"
Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР иатәу абахҭа аҭааҩ лыԥсра аганахь ала Гәылрыԥшь араион апрокуратура амаҵзуратә усҭҵаара мҩаԥнагоит. Имҩаԥгахоит аӡбарҭа-медицинатә експертиза.

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥгазарц адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Драндатәи абахҭаҟны жьҭаара 26 рзы аҭааҩ лыԥсҭазаара дахьалҵыз азы. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу абахҭа аиԥыларатә уадаҟны Аԥсны атәылауаҩ Сичинааԥҳаа А.Т., 2001 шықәса рзы ииз, Аҟәа ақалақь аҿы инхоз лыԥсҭазаара далҵит жьҭаара 26 рзы. Лара уахь днеит жьҭаара 25 рзы, уа иҭаку Зыхәба А.А., 1987 шықәса рзы ииз ибаразы.

Аминистрра апресс-маҵзура ишаҳәо ала лара лыԥсыбаҩ збаз иара иоуп.

Аԥсны ААР иатәу абахҭа аҭааҩ лыԥсра аганахь ала Гәылрыԥшь араион апрокуратура амаҵзуратә усҭҵаара мҩаԥнагоит. Имҩаԥгахоит аӡбарҭа-медицинатә експертиза.

Ажәабжьқәа зегьы
0