Аслан Бжьаниа Владимир Путин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании
Пресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс. 1612 шықәса рзы Кузьма Минини Дмитри Пожарски рхадарала Москва аполиак интервентцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иагәаларшәаганы.

АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи иколлега Владимир Путин аҳәынҭқарратә ныҳәа – жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аныҳәа шьаҭаркуижьҭеи рацәак шымҵуагьы Урыстәыла еиҳа ҳаҭырла иазгәарҭо аныҳәақәа ишреиуоу, Урыстәыла аҳәынҭқарра аҭоурых ҵаулахь ушхьанарԥшуа.

"XVII ашәышықәса алагамҭаз еиуеиԥшымыз амилаҭқәеи ашьҭрақәеи рҽеидкыланы Москва аполиак интервентцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит. Ари аҭоурыхтә фырхаҵара иахьагьы Урыстәылаа ҳәынҭқарра аҿиара шьаҟаны иазыҟоуп", - азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Аԥсны ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит "ҳтәылазы Урыстәыла дуӡӡа аҩызара аҵак дуӡӡа аманы ишыҟоу", Аԥсны ажәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла анапхгара аԥсуа дгьыл аҿы аҭынчра аҟазааразы аҽазышәарақәа, ганрацәалатәи ацхыраареи адгылареи.

Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьеишьеит ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа иԥсадгьыл амаҵ аураҿы, аурыс жәлар – аҭынчра,  амарымажара, ашәҭыкакаҷра.

Жәлар ракзаара Амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс. 1612 шықәса рзы Кузьма Минини Дмитри Пожарски рхадарала Москва аполиак интервентцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иагәаларшәаганы.

Абри амш азы Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҿы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи амитингқәа, аныҟәарақәа, аконцертқәа, агәыҳалалратә акциақәа, аспорттә уснагӡатәқәа еиҿыркаауеит.

Аныҳәа ацәырҵра аҭоурых

Ҭоурыхла ари аныҳәа Иҭынчмыз аамҭақәа ҳәа изышьҭаз XVII ашәышықәса иадҳәалоуп – Иоан Грозныи  иԥсра, 1584 шықәса инаркны Романоваа рдинастиа иеиуаз раԥхьатәи ауаҩы аҳыс 1613 шықәсазы даныҟалаз аҟынӡа. Арҭ аамҭақәа  Москватәи аҳәынҭқарра акризис аамҭа ҳәа азырҳәоит, Риуриковичраа рдинастиа аиԥҟьара иадҳәалоуп. Адинастиатә кризис хара имгакәа амилаҭ-ҳәынҭқарратә кризис ахь ииасит. Иакыз аурыс ҳәынҭқарра  аҽашеит, ирацәаҩхеит ахьӡмцыркцәа. Москва анапхгара инапахьы иааигеит аҭауад Фиодор Мстиславски. Иареи идгылаҩцәеи аполиак ар Кремль иҭаргалеит, акатоликатә крал ҷкәын Владислав аҳ иҭыԥ аҿы иртәаразы.

Марат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи реинырра азҵаарақәа рыӡбра инапы ианылоит - Sputnik Аҧсны
Марат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи реинырра азҵаарақәа рыӡбра инапы иануп

Урыстәылаз иуадаҩӡахаз аамҭақәа раан апатриарх Ермоген (Гермоген) аурыс жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ақырсиан дин ахьчарахь, Москва аполиак мпыҵахалаҩцәа ралцаразы. Ажәлар ааԥхьара иадгылеит. 1611 шықәса рзы аҳҭнықалақь аӷа импыҵхразы иқәгылеит риазантәи авоевода Прокопи Лиапунов зхадараҿы дгылаз ажәлар, анаҩс –нижегородтәи астароста Кузьма Минин напхгаҩыс дықәгылт.

Минин иааԥхьарала ақалақьуаа хатәгәаԥхарала аземтә ардыԥхьала аԥырҵеит: дасу аказнахь рхашәала ахәбатәи ахәҭа аларгалон аруаа рзы.

Минин иакәзар имал зегьы ар аиҿкаара иахҭниҵеит, иԥҳәыс – илымаз ахьымаҭәа.

Минин иажәалагала ала ахадас дааԥхьан 30-шықәса зхыҵуаз новгородтәи аҭауад Дмитри Пожарски. Пожарскии Минини рбираҟқәа ирыҵагылеит  10 000-ҩык рҟынӡа еизгаз ар, аказақцәа, ахысцәа, анхацәа. Жәларзегьтәи ардыԥхьала иалахәын  аурыс ҳәынҭқарра иатәыз амилаҭқәа зегьы, ажәлашьҭрақәа зегьы.

1579 шықәсазы ауаа ирҭааз Казантәи Анцәа иан иссирыз лныхачаԥа иаҵагыланы Нижегородтәи аземтә ардыԥхьала абҵара 4, 1612 шықәса рзы Китаи- иажәланы аполиакцәа Москва иалырцеит. Ари аиааира урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҿиара иахыҵхырҭахеит.

Москва ахақәиҭра иалнаршеит аҳәынҭқарратә мчра аиҭашьақәыргылара, аҳ ҿыц иалхра. 1612 шықәсазы ардыԥхьала ахадацәа ақалақьқәа рахь адырра ҟарҵеит Аземтә еизара ааԥхьаразы.

1613 шықәса жәабранмза анҵәамҭазы адинмаҵзуҩцәа, абоиарцәа, ҭауади-аамысҭеи, аказакцәеи, анхацәеи злахәыз Аземтә еизараҿ аҳыс далырхит Михаил Романов (амитрополит Филарет иԥа) – Романоваа рдинастиа иеиуаз раԥхьатәи аҳ.

1613 шықәсазтәи Аземтә еизара аиашахаҵареи амилаҭтә акзаареи ирышьаҟаны аҭоурых аҿы иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0