Марат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи реинырра азҵаарақәа рыӡбра инапы иануп

© Sputnik / Михаил Метцель/POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМарат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи реинырра азҵаарақәа рыӡбра инапы ианылоит
Марат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи реинырра азҵаарақәа рыӡбра инапы ианылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин ажьырныҳәа 21 рзы Аминистрцәа реилазаара ҿыц азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Аминистрцәа реилазаараҟны аԥсахрақәа алагалоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥыза-премьер ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицуреи реинырреи азҵаарақәа рыӡбра инапы иануп, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра рсаит аҿы.

Марат Хуснуллин Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицуреи реинырреи азҵаарақәа рыӡбра адагьы инапы ианылоит анхаратә политика, арегионқәа рыҿиара, Ҟрыми Калинингради рыҿиара рызҵаарақәа иара убасгьы, автомҩақәа рышьҭаҵара, рхархәара, ршәарҭадара азҵаарақәа.

Аԥыза-премьер ихаҭыԥуаҩ дҟалаанӡа Марат Хуснуллин аус иуан Москва аиҳабыра рҟны. Ақалақь аргылара адепартамент напхгара аиҭон, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Уаанӡа Аԥсни Урыстәылеи русеицура хылаԥшра аиҭон Витали Мутко. Уажәы иара аҳәынҭеилакы "Дом.РФ" адиректор хадас дҟаҵоуп.

Иара убасгьы Аԥсни Урыстәылеи реинырра мҩаԥнагон Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра. Уажәы уи аминистрра аԥыхуп.

Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра анапынҵақәа Аекономикатә ҿиара аминистрра иаҭоуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аекономика министр Адгәыр Арӡынба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0