Аԥсны ахада амаининг аҿиаразы аҭагылазаашьа далацәажәеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирные монеты с логотипами криптовалюты биткоин.
Сувенирные монеты с логотипами криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит абҵара 15 рзы. Ареспублика иахьаҵанакуа иалагалоуп арцәара аграфик – уахыки-ҽнаки рыла хынтә, ҩба-ҩба сааҭ.

АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны арегионқәа рҿы ари абизнес аҿиара аус иаҭазар зылшо афымцамч амҽхак атәы далацәажәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿ абҵара 17 рзы.

"Ҳара ҳраионқәа рҿы еиуеиԥшымкәоуп афымцаҳақәа аидара шрықәу. Аҟәа ақалақь акәзар, иҳаракӡоу аидара иаҵоуп, Гагра – аҳаракӡара иазааигәоуп, Гәдоуҭа – аидара хьанҭоуп. Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҿы еиҳа ауааԥсыра ахьмаҷу иахҟьаны афымцацәаҳәақәа еиҳа рхы иақәиҭуп. Убри азы ари азҵаара иазхәыцны иӡбатәуп", - иҳәеит иара.

Афымцамч ахы иақәиҭны иҟазар, амаининг ифеидоу бизнесуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада.

"Иахәҭоу атехника аахәаны, аԥхьаӡага ықәыргыланы, ишьақәырӷәӷәоу атариф аныршәо – ифеидоуп. Егьырҭ ауаа ирԥырхагамзар, ибзиоуп, аха усеиԥш аҭыԥқәа маҷуп. Иахьазы иаԥырхагамкәа ҳхы иаҳзархәо афымцамч абри аусхк иаҳҭар алшоит. Уи ҩышә миллион киловатт-сааҭ инаӡоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аиҳабыра амаининг азы ирыдыркылаз ақәҵараҿы ишарбоу афымцамч адефицит аани Урыстәылантәи алашара аиура аани атариф еиҭахәаԥшыр алшоит ҳәа.

Ингур ГЭС - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ЕгрыГЕС аремонт аан урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса заҟа ҟало атәы иҳәеит

Урыстәылатәи алашара иреиҵоу атариф иартәоит ҩ-мааҭки 70 копеи.

"Амаининг азин ахьыҟоу атариф ахәԥсеи иаашьҭу алашара ахәԥсеи еицаҳҵар акәхоит. Ауааԥсыра абри аганахьала ҳаилыркаар сҭахуп", - иҳәеит иара.

Афымцатә системаҿы амаинерцәа рыдагьы уаанӡагьы ауадаҩрақәа рацәан ҳәа азгәеиҭеит ахада.

"Апарламент афымцамч азы азакәан рыдыркылеит. Уи инақәыршәаны аинвестициақәа мап рыцәкын. Сара хаҭала уи саҿагыланы сыбжьы асҭеит. Иахьазы еилаҳаны игылоу астанциақәа аӡәгьы изы ихәарҭам", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Электрическая лампочка - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч": Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагаанӡа графикла иҳарцәалоит

Амаининг ареспубликаҿ азин ҟаҵамызт 2018 шықәса рзы, аха еиҳарак адекларативтә ҟазшьа аман.

"Абизнес мап ацәкын, аха сара исымоуп Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ашәҟәқәа. 2019 шықәсеи 2020 алагамҭеи рзы ареспубликахь иҭагалан 80 миллиард мааҭ рыхә ахархәагақәа. Аусура ԥыркит, ахархәагақәа раагара шыҟаз иаанхеит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит абҵара 15 рзы. ареспублика иахьаҵанакуа иалагалоуп арцәара аграфик – уахыки-ҽнаки рыла хынтә, ҩба-ҩба сааҭ.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара 5−9% еиҳахеит. Афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам. 2021 шықәсазы ЕгрыГЕС аанкылараан Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0