Аслан Бжьаниа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Встреча Аслана Бжания с сопредседателями Женевских дискуссий
Встреча Аслана Бжания с сопредседателями Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуамызт шықәсык иназынаԥшуа акоронавирус ашәарҭаразы.

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит ахаша, абҵара 25 рзы.

Ахада иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа аҵак ду рыманы дышрыхәаԥшуа, агәыӷра ааирԥшит иааиуа араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҳа ишьақәырӷәӷәоу ашьаҿақәа рыҟаҵара алыршахап ҳәа.

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳҳәынҭқарра аргылара, арҿиара. Сақәгәыӷуеит абри аус аҿы адгылара ҳашәҭап ҳәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы Аԥсны аиԥш арегион зегьы аҿы аҭынчра алдыршап ҳәа", - иҳәеит ахада.

Аиԥылараан аҭагылазаашьа Ашьха Ҟарабах иаҿырԥшны иалацәажәан, иара убасгьы иалацәажәан акоронавирустә инфекциа аҿиара.

"Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуамызт шықәсык иназынаԥшуа акоронавирус ашәарҭаразы. Сгәы иаанагоит ари аамҭала алахәылацәа иҿыцу аидеиақәа, агәаанагарақәа рызцәырҵит ҳәа. Иҟалап иҟоу афактқәа аҽакала ирызхәыцуа иалагаргьы", - иҳәеит ОБСЕ ахаҭарнак Рудольф Михалка.

Здание Объединенных Наций (ООН) в Женеве - Sputnik Аҧсны
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Аԥсны Женеватәи аформат мап ацәнакуам

Аиԥылараан Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглу аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи реиҭахацыркразы ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟалҵеит.

"Ҳәарада МПРИ амеханизм акрызҵазкуа акәны иҟоуп. Иара ҭыԥк аҿы еизнагоит  ашәарҭадара азҵаарақәа рзы ҭакԥхықәра зду ахаҭарнакцәа ма ахаҿқәа еилацәажәаразы. Ҳгәыӷуеит хара имгакәа амеханизм аусура еиҭалагап ҳәа", - лҳәеит лара.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟан, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыган. Уажәы амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы.

Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Иахьазы ари аҭыԥ заҵәоуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла еиқәшәаны еицәажәар ахьрылшо. Иара иалахәуп: Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаара (ИАР - ООН), Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Европатәи аиҿкаара (ААЕА - ОБСЕ), Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0