Гәдоуҭа ахәҭак фымцалашарада иаанхоит ԥхынҷкәын 10 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазауаа изларҳәо ала Аԥсны иахьаҵанакуа афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Афымцеихшарҭа 110/10 Гәдоуҭа аҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥысра иахырҟьаны аԥшьаша, ԥхынҷкәын 10 рзы фымцалашарада иаанхоит, ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Аремонттә усурақәа мҩаԥыслоит асааҭ 11:00 инаркны 16:00 рҟынӡа, ари аамҭазы афымцеихшарҭа аҟнытә алашара зауа афымцалашарада иаанхоит, аҳәоит адырраҭараҿы.

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа иҳәахьан Аԥсны аенергетикатә усхк апроблема комплексла аӡбара ԥшь-миллиардк рҟынӡа аԥара аҭахуп ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0