Афонд "Ашана" Анна Гәниаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Илана Миквабия Подопечная фонда "Ашана"
Подопечная фонда Ашана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩышықәса зхыҵуа Анна Гәниаԥҳа Москва Аҭҵаарадырра-практикатә Центр аҿы аҽазныкгьы аҽыхәышәтәра дахысроуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анна Гәниаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит. Ахәыҷы лыԥсихаматортә ҿиара ԥкуп.

Анна Гәниаԥҳа аԥстәқәа бзиа илбоит, активра лылоуп. Фымз анылхыҵуаз агрипп чымазара лыхьит. Лан Ксениа Иванова илбеит ахәыҷы лшьапы дышзықәымгылоз.

"Лшьапы дышзықәымгылоз анааба зынӡа дзымныҟәар ҳәа ҳшәон. Аҳақьымцәа рахь ҳдәықәлеит, амассажи агәырқәеи ҟаҳҵон, аха акгьы лмыхәеит. Анна лыкапан иацломызт, иаабац хәыҷык иеиԥш дызҳауамызт", - лҳәоит ан.

Ксениа еиҭалҳәеит Анна аҳәазарагьы шлылымшо. Дтәоит, дықәиоуп. Лара ҩыџьа аиҳәшьцәа еиҳабацәа лымоуп. Аха лчымазара иахҟьаны дызрыцыхәмаруам.

Анна лдиагноз анықәдыргыла ашьҭахь аҭаацәа афонд "Ашана" ахь инеиит ацхырааразы. Еизгаз аԥарақәа рыла Анна Гәниаԥҳа Москва Аҭҵаарадырра-практикатә Центр аҿы аҽазныкгьы аҽыхәышәтәра дахысит.

Уажәы лара аҩбатәи акурс дахысроуп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла дыбзиахар лылшоит. Лыхәышәтәра иаҭахуп 250 000 мааҭ. Аҭаацәа рзы ари ԥара дууп.

Ахәыҷы лыцхыраашьа адырра алшоит  афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0