Агәыхәтәқәа анынаӡо: "Ашана" Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит

© Sputnik / Илана Миквабия Поздравления с Новым годом подопечных фонда "Ашана"
Поздравления с Новым годом подопечных фонда Ашана  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи акциа "Уҵаа Бабадуха" мҩаԥысит ԥхынҷкәын 28 рзы. Сынтәа акциа иаҵанакит 60-ҩык афонд хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа. Дара зегьы досу игәы ззыҳәоз аҳамҭақәа иоуит.

Sputnik акорреспондент афонд аусуҩцәа дрыцын Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аҳамҭақәа аныршоз. Алакә зҭааз ахәыҷқәа рҭагылазаашьеи ргәаҳәарақәеи Sputnik аматериал аҿы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Угәаҳәарақәа анынаӡо

Жә-шықәса зхыҵуа Николь Џьынџьалԥҳа дышәҭышха аҵкы шкәакәа лышәҵаны лысасцәа дырԥылеит. Аҵаа Бабаду иахь илҩыз ашәҟәаҿы лара аҳәара ҟалҵеит апарпари ааҵәа аԥшра змоу атәарҭа татеи рзы. Урҭ аҩнынӡагьы илызнаган.

© Sputnik / Илана Миквабия Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа рзыҟарҵеит.
Агәыхәтәқәа анынаӡо: Ашана Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит - Sputnik Аҧсны
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа рзыҟарҵеит.

Сынтәа Асҭыԥҳа лроль налыгӡон афонд ахылаԥшратә хеилак алахәыла Ада Адлеиԥҳа, Аҵаа Бабаду – лара лыԥшәма Асҭамыр иакәхеит. Дара Николь аҳамҭақәа анлырҭа ашьҭахь, аҭакс лхаҭа илҩыз ажәеинраала дырзаԥхьеит.

© Sputnik / Илана Миквабия Асҭыԥҳа Ада Адлеиԥҳаи, Аҵаа Бабаду – лара лыԥшәма Асҭамыри, Николь Џьынџьалԥҳаи.
Агәыхәтәқәа анынаӡо: Ашана Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит - Sputnik Аҧсны
Асҭыԥҳа Ада Адлеиԥҳаи, Аҵаа Бабаду – лара лыԥшәма Асҭамыри, Николь Џьынџьалԥҳаи.

Николь ланду ишылҳәо ала, ахәыҷы бзиа илбоит ашәаҳәара, асахьаҭыхра, акәашара. Николь лчымазара шамахамзар иуԥылом – генетикатә чмазароуп, муковисцидоз ахьӡуп. Афонд "Ашана" ацхыраарала Николь хәынтә Израильҟа дцахьеит.

Логотип КБР Ашана. - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" 2020 шықәсазтәи аҳасабырба ҟанаҵеит

Асасцәа зҭааз аӡӷаб лыԥсаӡ длырбарц иналыԥхьеит. Ника еиҭалҳәеит аԥшьбатәи акласс аҿы дыштәоу, ажәеинраалақәа рыҩра бзиа ишылбо. Асҭыԥҳа Николь данлыцкәаша ашьҭахь, ддәықәлеит егьырҭ ахәыҷқәагьы лыргәырӷьарц.

Фышықәса зхыҵуа Диана Аҵаа Бабаду ибара дшеигәырӷьазгьы, иааигәа анеира дацәыԥхашьаны лан лҽыналыдылкылеит. Аха нас, иааигәа днеины илымҳаҿы ажәеинраала изеиҭалҳәеит. Ажәеинраала лзеиҭалҳәеит Асҭыԥҳагьы. Диана Ашықәс ҿыц азы аӡахыга машьынеи акьанџьеи дырзыԥшын. Аӡӷаб лан Ирина ишеиҭалҳәо ала, Диана аӡахра бзиа илбоит, акрааҵуеит даҿуижьҭеигьы.

© Sputnik / Илана Миквабия Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, Диана Токаиоковеи
Агәыхәтәқәа анынаӡо: Ашана Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит - Sputnik Аҧсны
Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, Диана Токаиоковеи

Диана лныҳәаз лгәылацәа хәыҷқәа дрыԥхьеит.

"Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит сынтәа акциа ишаҵанакыз 60-ҩык ахәыҷқәа.

"Сынтәагьы уаанӡеиԥш ҳхәыҷқәа зегьы рыгәҭакқәа нагӡоуп. Ҳтәылауаа ракәзар, активла рхы аладырхәит акциа. Иҟан аофис ахь аҳамҭақәа ҳазназгоз, иҟан хаҭала аҭаацәарақәа рахь инеиуаз, иҟан аԥара ҳзыназышьҭуаз ахәмаргақәа ааҳхәарц", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

© Sputnik / Илана Миквабия Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, Кьасоу Лаӷынӡиеи
Агәыхәтәқәа анынаӡо: Ашана Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит - Sputnik Аҧсны
Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, Кьасоу Лаӷынӡиеи

Мактина лажәақәа рыла, аҳамҭақәа заанаҵы иаахәан. Урҭ рзы аԥареизгара иалагахьан ԥхынҷкәын 1 азы. Ауаа гәыҭбаақәа иалдыршеит сынтәагьы ҳхәыҷқәа ргәаҳәарақәа рынагӡара лҳәеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0