Аԥсуа литератураҭҵаареи афольклористикеи иазааԥсаз: Артур Аншба игәалашәаразы

Анапаҵаҩра
Афольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитературатә критик Артур Артиом-иԥа Аншба иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 85 шықәса. Аҵарауаҩ изку анҵамҭа азлырхиеит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Еицырдыруаз аҵарауаҩ, алитературатә критик Артур Артиом-иԥа Аншба – аԥсуа  литературеи  афольклори рызҵаарақәа ирызку 50 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. Урҭ    рхыԥхьаӡараҿы иҟоу рахьтә ҷыдала аинтерес зҵоу иреиуоуп ифундаменталтәу амонографиақәа: "Нарҭаа ирызку аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рсахьаркыратә ҷыдарақәак", "Аԥсуа Нарҭтә епос апоетикатә зҵаарақәа".

Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Артур Аншба игәалашәара иазку аконференциа мҩаԥысит

Аҵарауаҩ инарҭбааны иҭҵааны иман афольклори алитературеи ртеориа, иныԥшуан азеиԥш философиатә зыҟаҵара бзиагьы. Уи иҭҵааратә усумҭақәа, иҭҵаарадырратә концепциа теориала ишьақәырӷәӷәоуп. Аха атеориа мацара акәымкәа, иара ибзиаӡаны идыруан афольклортә, алитературатә материалқәагьы; урҭ рылацәажәараан иара даангыломызт, хәыҷи-дуи хақәиҭрала реилыргара илшон.

Зегь реиҳа Артур Аншба ибаҩхатәра ааԥшит аԥсуа фольклор, лымкаала Нарҭаа репос ҭҵаарадыррала аҭҵаара аус аҿы. Уи иҭынхаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа аԥсуа фольклористика иреиӷьӡоу адаҟьақәа ируакуп.

"Артур Аншба ииашаҵәҟьаны илагала даара ирацәоуп аԥсуа наука аганахьала. Дфольклорист дуун,  хықәкыла иҭиҵаауан Нарҭаа репос. Рацәак ақәра шнимҵызгьы, инапы иҵихит аматериалқәа, амонографиақәа, аҭҵааратә усумҭақәа жәпакы. Ҳәарада, уи дырҵабыргуеит шаҟа дҵарауаҩ нагаз, хара ихәыцуаз уаҩыз. Инапы иҵыҵуаз иҭҵаамҭақәа зегьы Кавказ иқәынхоз зегьы ирылаҵәеит. Илаԥшҳәаа ҭбаан, игәынкыларагьы убас иҟан. Иара деиҭагаҩ бзиан, аурысшәеи аԥсшәеи ибзиаӡаны идыруан. Иахьа Артур Аншба иусумҭақәа реиқәыршәара ҳнапы алакуп, шьҭа ахыркәшарахь ҳнеиуеит. Убраҟа иагәылалоит "Ажәытә Бырзентәыла амифқәеи алегендақәеи" зыхьӡу иеиҭагамҭа. Уи редактор хадас дамоуп академик Зураб Џьапуа", - ҳәа азгәалҭоит афольклорист, аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа.

Иҭбаауп Артур Аншба иҭҵаарадырратә интересқәа. Аԥсуа фольклористика аҳәаақәа иҽырҭамырхакәа, иара аԥсуа литератураҿгьы даанымгылакәа, инарҵауланы идыруан асоветтә, иара убасгьы адунеитә литература, далахәын ҳаамҭазтәи алитературатә процесс, дацәымҩашьо ибон, инарҭбаангьы еиликаауан уи ахырхарҭа хадақәеи атенденциақәеи. Убри иабзоураны аԥсуа литература иазку Артур Аншба икритикатә статиақәа, иусумҭақәа акырӡа зҵазкуа лагалоуп ҳәа иуԥхьаӡар алшоит ҳмилаҭтә литература аҭоурых азгьы. Аҵарауаҩ иаԥиҵаз алитература-критикатә усумҭақәа даара акыр рыҵаркуеит иахьатәи ҳаԥсуа ҭҵаарадырра ашьақәгылараҟны.

Афольклористика апроблема дуқәа шышьҭихуаз еиԥш, аԥсуа сахьаркыратә литература ихадароу азҵаарақәагьы дрызҿлымҳан. Алитературатә процессқәа ицоз иааиԥмырҟьаӡакәа дрылахәын.

Артур Аншба идырреи иԥышәеи акыр азикхьан иреиҳау аҵараиурҭақәеи, абжьаратәи, азеиԥшҵаратә школи рзы аԥсуа литература апрограмма аиҿкаареи, арҵага шәҟәқәа реиқәыршәареи. Убас, 1968, 1971 шықәсқәа раан аиҳабыратә ҵараиурҭақәа рзы аԥсуа фольклори аԥсуа литературеи ирызкыз арҵагатә программақәа равторцәа ргәыԥ далахәын. 1983 шықәсазы азеиԥшбжьаратә школ 4-10-тәи аклассқәа аԥсуа литературазы рыпрограмма аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкын.

Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габниаԥҳа: Артур Аншба афольклорҭҵаараеи нарҭҭҵаареи иазынижьыз аҭҵаамҭақәа рацәоуп

Уи илитература-критикатә статиақәа, монографиак иаҩсуаз, 1970-тәи ашықәсқәа рзы изныкымкәа арезонанс ду дырҿиеит, аимак-аиҿак рхылҵит, алитература дырлахҿыхит, ԥхьаҟа ацара иацхрааит. Артур Аншба еснагь аҩымҭа иагу-иабзоу нҭкааны иҳәон, уи згәамԥхоз, згәы намӡозгьы убарын, аха иара иажәа ажәан, иарбан зҵааразаалакгьы рзын иман аҭак иҳәоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, академик Зураб Џьапуа.

"Артур Артиом-иԥа Аншба икритикатә статиақәа рҟазшьа хада, ртеориатә, рсистематә хаҭәаара акәзар ҟалап актәи ацәаҳәа инаркны аҵыхәтәантәи ацәаҳәаҟынӡа рсахьаркыратә наӡа-ааӡара, ргәылҭәаара ҟазҵо. Убри азы урҭ даҽакы иаламҩашьо, аӡыхь еиԥш ицқьаӡа, ишҿыцу иҟоуп иахьагьы", – ҳәа азгәеиҭоит Зураб Џьапуа.

Артур Аншба ажурнал "Алашара" аредколлегиа далан, активла имҩаԥигон ауаажәларратә усура. Аԥсуа литератураҭҵаареи афольклористикеи рҿы иара иаанижьит ианымҵуа ишьҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0