00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Артур Аншба игәалашәара иазку аконференциа мҩаԥысит

© Sputnik / Илона ХварцкияЖәларбжьаратәи анаукатә конференциа мҩаԥысит Аҟәа
Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа, Артур Аншба 80-шықәса ихыҵра иазкыз мҩаԥысит Аҟәа, жьҭаара 25 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 25– Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа, Артур Аншба 80-шықәса ихыҵра иазкыз аатит Аҟәа, жьҭаара 25 рзы.

"Артур Аншба аҟазара ҷыда злаз ҵарауаҩын. Иаԥҵамҭақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟан. Аиҳарак инапы злакыз Нарҭдырра ныҭкааны иҭиҵаауан. Ганрацәала еиҿартәын иҟазара, иҟыбаҩ ҷыда. Имаҷым аԥсуа литература апроблемақәа ирызкыз аусумҭақәа", — иҳәеит аконференциаҟны атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

Артур Аншба игәалашәара иазку аконференциа аиҿкаараз акомиссиа алахәыла Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит Артур Аншба илагала ду, еиҭеиҳәеит иԥсҭазаара аҟынтәи ахҭысқәа.

"Артур Аншба 20 шықәса рҟынӡоуп инагӡаны аус иуртә Анцәа иаҭәеишьаз. Заа иԥсҭазаара далҵит. Аԥсуа фольклористика Артур Аншба ида ахаҿ аагара уадаҩуп. Нарҭдырра знапы алакыз Артур Аншба амонографиақәа ҩба дравторуп", — иҳәеит Џьапуа.

Астратегиатә ҭҵаарақәа ринститут адиректор Олег Дамениа иқәгылараан инаҵшьны иазгәеиҭеит Артур Аншба иҵара-рккаратә усура адагьы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәылацәа дшыруаӡәкыз.

Артур Аншба — диит ажьырныҳәа 2 1936 шықәса рзы Тҟәарчал. 50 рҟынӡа наукатә усумҭа дравторуп, Нарҭаа рыҭҵаара знапы алакыз еицырдыруа ҵарауаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0