Иԥшӡаз, аха ишәарҭаз: 1911 шықәсазы Аԥсны асду анауз иазкны

© Foto / Пименидис Л.И.Сухум в снегу в 1911 году. Рыбный переулок (ныне ул. И. Когония). Эти здания не сохранились, снесены в 1998-2000 гг.)
Сухум в снегу в 1911 году. Рыбный переулок (ныне ул. И. Когония). Эти здания не сохранились, снесены в 1998-2000 гг.) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы 1911 шықәса иҭоурыхтәу, хашҭра зқәым шықәсны иаанхеит, уи ашықәсан иауит "Асду". Асы шьҭан 38 мшы – ианвар 4 инаркны февраль 10-нӡа.

Ианвар 3 - 4, 1911 шықәса рзы Аԥсны ахааназ иамбацыз асырацәа леит. Уи ахҭыс аахыижьҭеи иҵуеит 110 шықәса.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Ари аамҭа "Асду ахаан" ҳәа иашьҭоуп. "Асду" шьҭан 38 мшы – ианвар 4 инаркны февраль 10-нӡа. Уи ашәага 2 метрак иреиҳан. Асы хьанҭа зқәыжьыз аҵлақәа хыжәжәон, аҩнқәа рхыбрақәа еилаҳауан, мышқәак ателеграф аус ауӡомызт, иаркын аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аҵараиурҭақәеи. Анаҟә хчылан иҟан, иааҟәымҵӡакәа аҟәатәи ауахәамақәа рсаркьалқәа ирысуан.

© Foto / Пименидис Л.И.Сухум в снегу в 1911 году. Рыбный переулок (ныне ул. И. Когония). Эти здания не сохранились, снесены в 1998-2000 гг.)
Иԥшӡаз, аха ишәарҭаз: 1911 шықәсазы Аԥсны асду анауз иазкны - Sputnik Аҧсны
Сухум в снегу в 1911 году. Рыбный переулок (ныне ул. И. Когония). Эти здания не сохранились, снесены в 1998-2000 гг.)

Ажәлар зегьы рымчқәа еидкыланы аԥсабаратә цәырҵра иаҿагылан, рыҩнқәа ирыҩныҵыртә еиԥш аграпара алырдон, аха иахьымӡакәан еиҭах асы иеиманаԥсон.

Усҟантәи иҭыҵуаз агазеҭқәа руак аҟны ианыло иалагеит ажәлар зҭагыланы иҟаз арыцҳара атәы. Асы убасҟаҟ ирацәахеит, ауаа рыфатә, рыжәтә, рымҿы нҵәеит. Аграпара злалырдоз абаҳақәа рзымхо иалагеит, асы иагәылыҳәҳәоз аҩнқәа рҟынтәи аҳәсақәа ргәынқьбжьи, ахәыҷқәа рҵәыуабжьи уаҳауан.

© Foto / Пименидис Л.И.Сухум в снегу в 1911 году, Колюбякинская улица (ныне ул. Леона), рухнувшее от снега здание Алафузова (здание ныне не сохранилось, бывшее здание по ул. Леона 6), в котором располагалось 4 магазина
Иԥшӡаз, аха ишәарҭаз: 1911 шықәсазы Аԥсны асду анауз иазкны - Sputnik Аҧсны
Сухум в снегу в 1911 году, Колюбякинская улица (ныне ул. Леона), рухнувшее от снега здание Алафузова (здание ныне не сохранилось, бывшее здание по ул. Леона 6), в котором располагалось 4 магазина

Иазгәаҭатәуп, уи аамҭазы Аҟәа иаланхон аҿыцнхаҩцәа, ҳәарада, урҭ ауадаҩрақәа ирышьцыламызт. Ақыҭаҟны инхон шьала-дала еизааигәаз,жәытәнатә аахыс зҭыԥ аҟны инхоз аԥсуаа. Ари аамҭа уадаҩ азыҳәан, ажәлар дара-дара реидгылареи реицхыраареи иабзоураны, урҭ рыхдырраҿы "Ас-ду" рыцҳара дук иадырҳәалаӡом иахьа уажәраанӡа.

Жәабран 7 рзыҳәан ақәа ӷәӷәа аура иалагеит, иауан хымш. Анаҩс жәабран 10 рзыҳәан амра аакылԥхеит, асы аӡыҭра иалагеит. Уи ицәырнагеит аӡхыҵра.

© Foto / Пименидис Л.И.Сухум в снегу в 1911 году. Михайловская набережная, ворота бульвара. Музыкальная ротонда (слева), ворота, колонны – вход на бульвар, киоски (не сохранились, снесены в 1948-49 гг.)
Иԥшӡаз, аха ишәарҭаз: 1911 шықәсазы Аԥсны асду анауз иазкны - Sputnik Аҧсны
Сухум в снегу в 1911 году. Михайловская набережная, ворота бульвара. Музыкальная ротонда (слева), ворота, колонны – вход на бульвар, киоски (не сохранились, снесены в 1948-49 гг.)

Даара ааха ӷәӷәа аиуит Аҟәатәи аботаникатә баҳча. Усҟан 70 шықәса ахыҵра азгәанаҭон. Зқьыла иуникалтәу аҵиаақәа ԥхасҭахеит.

Асду анлеиз ашықәсан иҟаз ахҭысқәа забацәа, урҭ рабдуцәа ирҳәоны изаҳахьоу рацәоуп Аԥсны. Сан лаб Ладикәа Барцыц асду дахаанын. Диит 1903 шықәсазы, Блабырхәа ақыҭан. "Асду" ашықәсазы ихыҵуан 8 -шықәса. Сан лажәақәа рыла уи иҳәалон:

"Усҟан еиҳарак аҩнылаҟәқәа рызгылан. Ашьыжь ианааԥш аҩны иахаҵәо асы шьҭан, ашә зынӡа иузаартуамызт. Иџьаршьеит, иагьшәеит, ари аҩыза рымбацызт. Асы акьакьара иабзоураны, излауала икылҵәаны, рырахә , рӡы рахь инеиуан. Аԥхасҭа заузгьы рацәахеит. Агәылеи -агәылеи реиҭанаиааира уадаҩхеит, лассаамҭа еибамбазгьы ҟалеит", - ҳәа лгәалалыршәоит асду иахааныз Ладикәа Барцыц иԥҳа Галина Барцыцԥҳа.

Даара аҭагылазаашьа цәгьан Аҟәа иацәыхараз анхарҭақәа рыҟны. Иҟалеит аԥсҭбарақәа, хыԥхьаӡара рацәала арахә, аҩнатә ԥсаатәқәа, аԥстәқәа асы иаҵахеит. Манана Гәымԥҳа лабду иҳәоны илаҳахьеит:

"Сабду иҳәалон, уи аамҭа шыцәгьаз атәы. Мчыбжьык ирахә рышҟа дзымнеиӡеит, ииулак аграпара алданы даннеи, ажә, акамбашь зегьы ԥсхьан, еилараа ишьҭан. Афатә азымхарагьы ҟалеит, ирымаз хәыҷы еимырҷча "Асду" иалҵит" .

© Foto / Пименидис Л.И.Сухум в снегу в 1911 году, Рыбный переулок (ныне вост. часть ул. Когония), слева переплетная мастерская А. М. Покровского, шляпная мастерсткая Р. В. Шкипера, магазин часов Измайловича и др. (эти здания не сохранились, снесены в 1998-2000 гг.)
Иԥшӡаз, аха ишәарҭаз: 1911 шықәсазы Аԥсны асду анауз иазкны - Sputnik Аҧсны
Сухум в снегу в 1911 году, Рыбный переулок (ныне вост. часть ул. Когония), слева переплетная мастерская А. М. Покровского, шляпная мастерсткая Р. В. Шкипера, магазин часов Измайловича и др. (эти здания не сохранились, снесены в 1998-2000 гг.)

"Асду" алеира иазкны ирацәоуп ианызҵахьоу, иалацәажәахьоу, иҭырххьеит акинофильм. Алықьса Гогәуа ироман-раԥсодиа "Ас ду" зегьы еицырдыруа аҩымҭа, уаҟа ахҭысқәа мҩаԥысуеит асду анлеиз ашықәсазы.

Аԥсны аӡынра иаҳа ианыӷәӷәаз, асы рацәаны ианауз ҳәа иԥхьаӡоуп 1878, 1892 шықәсқәа, 1911 шықәса рышьҭахь – 1925, 1950, 1964, 1967, 1981, 1993 шықәсқәа, аха 1911 шықәсазы аӡынра асы шауз еиԥш уаҳа иамуӡац.

Ажәабжьқәа зегьы
0