Аԥсны адгьылҵысра ҟалеит

CC0 / / Сейсмограф в работе
Сейсмограф в работе  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгьыл шыҵысыз азгәаҭан Очамчыра араион Аҭара ақыҭа азааигәара. Абри атәы аанацҳауеит асеисмоҭагылазаашьа иашьклаԥшуа аинтернет-саит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Змагнитуда 3,4 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит аԥшьаша жәа-километрак рыла Гәылрыԥшь иацәыхаран.

Адгьылҵысра аепицентр 30 километр адгьыл аҵа иҟан. Аӡәгьы ааха имоуит, акгьы аԥхасҭа анамҭеит.

Аԥсны аҵыхәтәан адгьылҵысра ҟалеит нанҳәа 12, 2020 шықәсазы. 55 километра рыла Аҟәа иацәыхаран, змагнитуда 3,7 иҟаз, Кәыдрытәи аиҩхаа иахьаҵанакуа. Адгьылҵысра аепицентр километрак адгьыл аҵа иҟан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0