Аԥсны иалагалоу аԥкыратә уснагӡатәқәа рыҿҳәара инахар алшоит жәабран 15-нӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба
Заседание Координационного штаба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аковидтә уснагӡатәқәа рыҿҳәара анахаразы аусдҵа инапы аҵеиҩуеит Атәыла ахада, Акоординациатә штаб аӡбра ашьаҭала.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра аднакылеит аԥкыратә уснагӡатәқәа жәабран 15 рҟынӡа рыҿҳәара инахазарц, ҳәа аалыцҳауеит аҭыԥ аҟынтәи ҳкорреспондент.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Ареспублика асанитартә ҳақьым хада илҳәеит COVID-19 чымазара еиҳа аҽанышьҭнакаауа

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа ралагаларазы адҵа атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит абҵара 24 рзы, уи инақәыршәаны аԥкырақәа рыҿҳәара ажьырныҳәа 12-нӡа инахан.

Аусдҵа анапы аҵаҩын Акоординациатә штаб аӡбра шьаҭас иҟаҵаны.

Ажьырныҳәа 12 рҟынӡа ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа русура аанкылан, иԥкын амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, акультура аусбарҭақәа русура.

Араионқәа рхадарақәа еиҿыркаараны ирыдын есыҽнтәи арзҩыдаратә усурақәа ауаажәларратә транспорт аҿы рымҩаԥгара, атранспорт арныҟәцаҩцәа асабрадақәа рҿазароуп, амедицинатә напхаҵақәа ныҟәыргозароуп, иара убасгьы иҟалом ахыхьчага зхы иазмырхәо апассаџьырцәа рныҟәгара ҳәа азыӡбан.

Ауаажәларратә крыфарҭақәа ирабжьган робиектқәа ртәарҭақәа 50 процент рхы иархәаны атәылауаа рымаҵура иазку аишәақәа рыбжьара асоциалтә дистанциа (1,5 метра) рыбжьаҵарац, амаҵ зуа аусуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарҧақәеи) рхархәаразы аҭаххарақәа ирықәныҟәаларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0