Sputnik амчыбжь: аԥкра ҿыцқәа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо, Двинианин иинтервиу

© SputnikОчередь на рынке
Очередь на рынке  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 11-17 рзы иҟалаз иналукааша ахҭысқәа реизга.

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿы жәабран 10 рҟынӡа рыҿҳәара инахеит уаанӡа акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа, Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо ҳәа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба ихьӡ рҳәеит. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.

Sputnik

Аԥкырақәа рырӷәӷәареи рыҿҳәара анахареи

Амчыбжь аҩнуҵҟа иналукааша хҭысхеит акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аԥкрақәа рырӷәӷәареи рыҿҳәара ацҵареи.

Афбатәи ахы: Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалоуп - Sputnik Аҧсны
Афбатәи ахы: Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалоуп

Аԥсны Акоординациатә штаб ажьырныҳәа 11 рзы абжьгара ҟанаҵеит ауснагӡатә цҵақәа мҩаԥгазарц COVID-19 аҿагыларазы.

Аштаб алахәылацәа абжьгара ҟарҵеит жәабран 15 рҟынӡа акрыфарачаратә обиектқәа аркызарц, адәынтәи аусурақәа мҩаԥызго рыда.

Иара убасгьы абжьгара ҟаҵоуп ауаажәларратә транспорт аҿы аԥкрақәа рымҩаԥгаразы. Убас амаршруткақәа рҿы асабрадақәа зегьы ирҿазароуп. Амашьынарныҟәцаҩ иакәзар, асабрада зҿоу атәылауаа заҵәык роуп зымаҵ иуша.

Уи адагьы аџьармыкьақәа рҿы еиҭахгьы аԥкрақәа алагалатәуп араионқәа рхадарақәа рыграфик инақәыршәаны ҳәа азгәаҭан абжьгарақәа рҿы.

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа ралагаларазы адҵа атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит ажьырныҳәа 12 рзы, уи инақәыршәаны аԥкырақәа рыҿҳәара 2021 шықәса жәабран 10 ахь инахоуп. Аусԥҟа анапы аҵаҩын Акоординациатә штаб аӡбара шьаҭас иҟаҵаны.

Ситуация с коронавирусом в городах России - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалоуп жәабран 10-нӡа

Адҵа инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟалаӡом ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа русура; акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, акультуратә центрқәа, акультура ҩынқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатә залқәеи) русура; ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара; амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, алабаратә, ацәыргақәҵатә усмҩаҧгатәқәа ахыбрақәа рыҩныҵҟа рымҩаԥгара; афитнес-центрқәа, азалқәа, аӡсарҭақәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура; арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура.

Ирӷәӷәоуп акрыфарачара обиектқәа рҭагылазаашьа, анҭыҵҟа ахәнагара ада даҽакала русура аанкылоуп.

Аџьармыкьақәа рыграфик

Аԥкрақәа анырра рзыҟарҵоит ареспублика аџьармыкьақәа русурагьы. Аҟәа ақалақь ахадара иаанацҳаит Аҟәатәи аџьармыкьа хада аус аулоит мчыбжьык ахь ҩынтә - аԥшьашеи асабшеи ҳәа. Ацәамаҭәатә џьармыкьа "Ахәаахәҭратә комплекс "Сухумприбор" аус аулоит аҩашеи амҽышеи.

Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик алагалоуп COVID-19 иахырҟьаны

Гәдоуҭа, атәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны, аџьармыкьа амшқәа ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит аҩашеи ахәашеи.

Гагреи Пицундеи аџьармыкьа амшқәа ҳәа аграфик аларгалеит - аԥшьашеи асабшеи. Аџьармыкьақәа реиҳабацәа ирабжьгоуп хылаԥшра рырҭарц арзҩыдаратә уснагӡатәқәа, иара убас аус зуа ирыдҵоуп асабрадақәеи анапхаҵақәеи рныҟәгара.

Очамчыратәи аџьармыкьа аус аулоит ахашеи амҽышеи. Абри аграфик ала аус аулоит Галтәи аџьармыкьагьы.

Тҟәарчалтәи аџьармыкьаҟны аремонттә усурақәа мҩаԥыргоит, уи аҟнытә уаанӡагьы мчыбжьык хымш аус ауан. Тҟәарчал араион ахада иажәақәа рыла, ашәахьа еилкаахоит Тҟәарчалтәи аџьармыкьа аус анауа амшқәа.

Абарҭ аграфикқәа рыла аԥснытәи аџьармыкьақәа аус рулоит жәабран 10-нӡа. Аусуҩцәа иныҟәыргалароуп асабрадақәа, анапхаҵақәа. Есыҽны имҩаԥгалатәуп апрофилактикатә рзҩыдара.

Угәы змырҭынчуа ацифрақәа

2021 шықәса ажьырныҳәа 12 - 16 рзы Аԥсны 704-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдбалан. Абри аамҭазы амедусҳәарҭақәа рҿы рыԥсҭазаара иалҵит COVID-19 змаз 11-ҩык апациентцәа.

Зынӡа акоронавирус жәанызқьҩык инареиҳаны ирыдбалоуп. Ргәабзиара шьақәгылахьеит 8 000-ҩык рҟынӡа, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.

Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо иаҭара

COVID-19 зыдбалоу Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иҽыхәышәтәра Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иациҵоит. Аԥсны аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа наигӡалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 11 рзы.

Владимир Делба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

Владимир Делба жьҭаара 2011 шықәса инаркны мшаԥы 8, 2015 шықәсанӡа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистрс дыҟан. Лаҵара 2, 2014 шықәса инаркны цәыббра 29, 2014 шықәсанӡа Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡон.

Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 ицәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит. Аԥыза-министр иҭагылазаашьа ҭышәынтәалан, аицәахара иаҿӡамызт, аха ахәышәтәырҭаҿы ихәышәтәра иацҵатәын. Ажьырныҳәа 8 рзы аҳақьымцәа рконсилиум ишаӡбаз ала, иара дышьҭын Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь, ичымазара аҽарӷәӷәар, аҽацәыхьчаразы.

Урыстәылатәи агоспиталь аусура иацнаҵоит

COVID-19 змоу апациентцәа рзы Аҟәа иаартыз Урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәарала иҵегьы аусура иацнаҵоит ҳәа амаҵзура Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба.

Мобильный госпиталь в Айтаре - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура иацнаҵоит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҿы иаадыртит. Аԥхьатәи апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 рзы.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

ЕгрыГЕС аремонтҟаҵара аҿҳәара иаахоуп

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт алагара арыцхә ииагоуп ажьырныҳәа 20 ахь ҳәа адырра ҟаиҵеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Михаил Логәуа. Иара иҳәеит жәабранмза азбжазы аремонт алагара шазԥхьагәаҭаз, аха аԥсуа ган аҳәарала арыцхә ишаахоу.

Ремонт деривационного тоннеля на ИнгурГЭС - Sputnik Аҧсны
ЕгрыГЕС аремонт аамҭа иаахоуп

ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леуан Мебониа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иазгәеиҭеит, аремонт лаҵарамзанӡа ианзалымга, аӡеизакырҭа ӡыла ишрызмырҭәуа.

Аремонт азы иаркхоит километрабжак ишәарҭоу аҭыԥқәа. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иинтервиу

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсуа телехәаԥшра ажьырныҳәа 13 рзы иеиҭаз аинтервиу аҿы дазааҭгылеит ареспубликаҿы урыстәылатәи атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара апроблема.

"Проблемақәас еиқәуԥхьаӡар ҟалоит - аурысқәа Жәлар Реизараҿы рыҟамзаара, Аминистрцәа Реилазаараҿы рыҟамзаара зыпрофессионалтә ҩаӡара ҳараку аурысқәа шыҟоугьы. Иҟоуп ауадаҩрақәа атәылауаҩра аиураан", - ҳәа иҳәеит  Двинианин.

Иара убасгьы агәҭынчымра ааирԥшит урыстәылатәи атуристцәа, абизнесуаа, иара ус ауааԥсыра рганахь ала акриминалтә ҭагылазаашьақәа рыҟазааразы. Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит аурысцәа рганахьала Аԥсны атәылауаа ракәзар ацәгьоура ҟазҵаз, ареспублика аӡбарҭатә системаҿы иахәҭоу азхьаԥшра анарымҭо ыҟоуп ҳәа.

Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынбеи Алексеи Двинианини Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит

Двинианин абри шьақәзырӷәӷәо ҳәа ҿырԥштәыс иааигеит 2019 шықәса рзы Урыстәыла атәылауаҩ лцәаԥҽреи лырҳәреи ахҭыс. Иара иажәақәа рыла, абри ахҭыс аганахьала шықәсык анҵы ашьҭахь ауп уи азы аус аӡбарҭахь ианнеи.

"Убри аахыс аӡбаҩ Ҭырқьԥҳа ари аус лыргәагәоит. Ацҳаражәҳәарҭа ари аус иашьклаԥшуеит. Иацы, ажьырныҳәа 12 рзы имҩаԥган аӡбарҭа изаамҭанытәиу аилатәара. Уи далахәын Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак. Ахара здырҵо сычмазаҩуп ҳәа иҳәеит, уахьихәаԥшуаз усеиԥш акгьы шидумбалозгьы", - ҳәа иҳәеит иара.

Абри ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа.

Иара иҳәеит аус Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы ишахәаԥшуа 2020 шықәса мшаԥымзаахыс. Уи иаанагоит азакәан аилагара аҭыԥ амоуп ҳәа.

Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны
Аҟәа изқәылан зцәа ԥырҽыз урыстәылауаҩԥҳәыс лганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

"Сара ишьақәсырӷәӷәар сылшоит зықәра наӡам Абыхәба иганахьала ашьаус Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы 2020 шықәса мшаԥымзаахыс ишахәаԥшуа. Уи азы иуҳәар улшоит азакәан аилагара аҭыԥ амоуп ҳәа. Аусӡбареиҿкааразы иаҭаху аҿҳәараамҭа аилагараан аган иамоуп алшара Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь иашшырц, уи аҿҳәара ахьахыԥаз азы ҵаҵӷәык ыҟам ҳәа ирԥхьаӡозар", - иҳәеит иара, "Эхо Кавказа" аинтервиу аҭо.

Гогьиа иазгәеиҭеит ари аҩыза ашшыԥхьыӡ аӡбарҭатә усбарҭақәа рахь ишымнеиц, убри азы аамҭа акыр цеит умҳәозар ада аусӡбара амҩаԥгара еилагоуп ҳәа шьақәзырӷәӷәо акгьы шимам.

"Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Ҭырқьԥҳа лнапаҿы иҟоу зықәра намӡац иус азы иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ неихьан. Уи мзызс иамаз ааха зауз лхаҭарнакс Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ иадгалара мап ахьацәылкыз ауп. Усҟан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ илыӡбаз закәанмызт ҳәа иаԥхьаӡан, ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ ааха зауз лхаҭарнакс днеирц аӡбамҭа аднакылеит. Убри инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аӡбаҩцәа рквалификациатә коллегиа аӡбаҩ лганахьала алеишәатә усеилыргара хацнаркит, агәаҭарақәа мҩаԥнагоит", – иҳәеит иара.

Џьамал Гогьиа иара убас иҳәеит аӡбарҭатә мчразы Аконституциатә закәан инақәыршәаны, АИХқәа рҟны дарбанзаалак аӡбаҩ ма аӡбаратә система иааизакны иусура ҳәаақәызҵо ахҳәаа цәырҵзар, уи агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы шьаҭас иаиур алшоит.

Абыхәба иус аганахьала иахьатәи аамҭазы аилыргара ахыркәшарахь инеиуеит иааиуа аилатәарақәа руак аан аганқәа ахцәажәарақәа рахь ииасыр ҟалоит ҳәа иҳәеит Гогьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0