Аԥсны атәылауаа ҩыџьа жәларбжьаратә шьҭазаара рымоуп "Япончик" ишьра иалахәын ҳәа

© AFP 2023 / RONNY HARTMANNСтефан Баллиет, обвиняемый в застреле двух человек после попытки штурма синагоги в Галле-ан-дер-Заале, восточная Германия, носит наручники, когда прибывает в район на начало 26-го дня судебного заседания 21 декабря 2020 г
Стефан Баллиет, обвиняемый в застреле двух человек после попытки штурма синагоги в Галле-ан-дер-Заале, восточная Германия, носит наручники, когда прибывает в район на начало 26-го дня судебного заседания 21 декабря 2020 г - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахара здырҵо Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, Урыстәыла аусбарҭа ҷыдақәа урҭ уахь риагара азҵаара аус адыруылоит, уи ашьҭахь ашьаустә ҭакԥхықәра рақәыршәаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19- Sputnik. Аԥсны атәылауаа Асҭамыр Быҭәбеи Нугзар Папааи ахара рхараҵоуп аӷьыч Виачеслав Иваньков, "Япончик" ҳәа хьӡыс измаз ишьра иалахәын ҳәа, жәларбжьаратәи ашьҭазаарагьы рызуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы асаит.

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла Иваньков ишьра далахәын Астамыр Быҭәба, 2009 шықәса, ԥхынгәымзазы аснаипертә винтовка ала Иваньков иеихсыз. Усҟан иара Москва, Хорошевское шоссе аҿы иҟоу аресторан "Тайский слон" ддәылҵуан.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Омар Мерцхәылаа иӷьычразы аус Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа иаҭоуп

Нугзар Папаа, ашьаусҭҵаара аверсиала убри аамҭазы ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы имҵарсыз машьынак ала дыҟан, Быҭәба ихьаҵырҭа еиҿикаауан.

Егьырҭ, уаанӡа зхаҭара шьақәыргыло, ирбаандаҩу ауаа Иваньков ишьра еиҿыркаауан, абџьар мҩаныргон, иара дахьыҟаз ишьҭаԥшуан.

Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла ауаҩшьра ашьҭахь Быҭәбеи Папааи Аԥсныҟа иааиит, иахьа уажәраанӡагьы ара иҟоуп.  

Аусҭҵаара макьанагьы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит Виачеслав Иваньков ишьреи уи аиҿкаареи ирылахәыз зегь рышьақәыргылараз.

Нугзар Папаа иара убасгьы ахара идҵоуп Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа. Ашьаус аилыргара анапы иануп Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0