Омар Мерцхәылаа иӷьычразы аус Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа иаҭоуп

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Мерцхәылаа иӷьычра афакт инамаданы ахара рыдуп ҳәа ҩыџьа рганахьала ашьаус мҩаԥыргоит-Георги Зыхәбеи Нугзар Папааи. Аусеиларгыҩцәа ишьақәдырӷәӷәом даҽа хаҿқәак аӷьычреи иҿыхразы аԥара агареи иалахәын ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15-Sputnik. Омар Мерцхәылаа иӷьычразы аус ахәаԥшразы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа иаҭоуп, аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа иԥхьаӡоу даҽа хҩык рыхьыӡқәа ҳәоуп

Апрокуратура хада аусеилыргаратә ҟәша заанаҵтәи аусҭҵаара хнаркәшеит ԥхынҷкәын 31, 2020 шықәсазы.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Омар Мерцхәылаа дырӷьычит Георги Зыхәбеи ишьақәырӷәӷәам ахаҿқәеи. Иоушьҭразы Георги Зыхәбеи Нугзар Папааи Мерцхәылаа иҭынхацәа 50 миллион аԥара рымырхырц рҽазыршәеит.

Зыхәба ахара идырҵоит ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа. Иахьатәи аамҭазы, апрокуратура хада адыррақәа рыла, Зыхәба дҭакуп. Папаа даанкылан ҵыԥх, ажьырныҳәамзазы, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала аҩнытә ҭакра иқәҵаны доурышьҭит жьҭаара 16, 2020 шықәсазы.

Омар Мерцхәылаа дӷьычын мшаԥымзазы, хымз рышьҭахь иара ацәгьоуцәа дырцәыбналеит.

Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада Ҭарба ишьразы аус шырӡбаз закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит

Мшаԥымзазы Мерцхәылаа иӷьычра далахәын ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Цәыббрамзазы Ҷкадуа иганахьала ашьаусҭҵаара аанкылан, аҩнытә аҭакра иқәҵаны доушьҭын, уи ашьҭахь ишьҭазаара рылаҳәан. Ԥхынҷкәынмзазы Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хҩык ауааԥсыра рышьра далахәын ҳәа агәҩара зызрымоу Ерик Чкадуа даанкылан.

Рашәарамзазы Аԥсны ААР ахыбраҟны иԥсҭазаара далҵит Мерцхәылаа иӷьыҷра далаҟьшьын ҳәа агәызҩара зызрымаз даҽа хаҿык-Анзор Ҭарба.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкылаз Анзор Ҭарба иԥсҭазаара иалҵразы аусҭҵаара мҩаԥысуан хәымз инарзынаԥшуа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы. Аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбрала Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Чедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгур Аутлеви Витали Кулови Анзор Ҭарба иԥсразы хара рыдым ҳәа иԥхьаӡоуп, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәыркырак ахьыҟам азы.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0