Афымцамч ахархәара аларҟәразы иаԥҵоу аҟәатәи аоперштаб уахгьы-ҽынгьы аус аулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада араионқәа реиҳабацәа дҵаны рҿаԥхьа иқәиргылеит мчыбжьык иалагӡаны афымцалашара ахархәара аларҟәразы иҟоу апроблема ӡбахарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23-Sputnik. Закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагылара азҵааразы Аҟәа иаԥҵоуп аоперштаб, иара уахгьы-ҽынгьы аус аулоит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагыларазы анагӡаратә план алацәажәаразы аоперштаб есыҽны аилатәара мҩаԥыргалоит, иара убас инарыгӡаз аусқәа рҳасабырба Аԥсны Ахада Иусбарҭахьи аминистрцәа Реилазаарахь инарышьҭларц адҵа рыҭоуп.

Аштаб ахадара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба, иара убас иалоуп:

  • Леон Кәарҷиа- ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ,
  • Алхас Агәымаа- Аҟәа ақалақь апрокурор,
  • Асҭамыр Хагәышь- Аҟәа ақалақь амилициа аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо,
  • Ҭеимыр Џьынџьал- Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы,
  • Ҭенгиз Блабб- Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа анџьныр хада,
  • А.П Строчан- Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа атехникатә ҟәша аиҳабы,
  • Руслан Аҩӡба- Аҟәа ахадара Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа адепартамент адиректор,
  • Д.Н. Аршба- АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусбарҭа афымцаҭира аиҳабы,
  • Л.А-Қәачахьиа- амуниципалтә усбарҭа "Горсервис" аиҳабы,
  • Д.А. Аҟалӷьба- Аҟәа ақалақь ахадара аекономикатә ҿиаразы аҟәша аспециалист хада,
  • Аслан Дочиа- Аҟәа ақалақь ахадара азинтә ҟәша аиҳабы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны. Ахада адҵа ҟаиҵеит араионқәа рҿы аштабқәа аԥырҵарц, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иаздырхарц.

Ажьырныҳәа 23 рзы афымцамч ахархәара аиҵатәразы Гәдоуҭа араион аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик шалагалоу.

Бжьаниа афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит, урҭ инарықәыршәаны, 2020 шықәса рзы иҟаз ахархәара 2019 шықәсатәи ахархәара иаҿырԥшны 21 процент еиҳахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0