Украина АшәМ Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба иԥшаара рыланаҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Авидзба
Ахра Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩӡба Украина Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа хԥа инарықәыршәаны ахара идырҵоит, атеррористтә еиҿкаара аԥҵареи атҟәацәа гәымбылџьбарала рызныҟәареи налаҵаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Украина Ашәарҭадаратә маҵзура иԥшаара рыланаҳәеит ДЖәР афырхаҵа, "Пятнашка" акомандир, жәларбжьаратә еимадарақәа рзы Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба. Абри атәы аанацҳауеит Донецктәии Лугансктәии аобластқәа рҟны иҟоу Украина АМ Facebook адаҟьаҿы.

"Украина АшәМ аконтрԥшыхәцәеи аусҭҵааҩцәеи ишьақәдыргылеит, Урыстәыла атәылауаҩ 2014 шықәса рзы "Интернациональная бригада "Пятнашка" захьӡу аиҿкаара шаԥиҵаз, аамҭак азы напхгара шаиҭоз", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Идырраҭараҿы иазгәаҭоуп Ахра Аҩӡба, "Абхаз" ҳәа хьыӡшьарас измоу АТО/ООС амчрақәа дырҿагыланы деибашьуан Донецктәи аобласт аҿы, итҟәаз украинатәи аруаа иргәаҟуан, аҭынч уааԥсыра иршәон ҳәа.

Аҩӡба Украина АЗ ахәҭаҷқәа хԥа инарықәыршәаны ахара идырҵоит АЗ ахәҭаҷ 258-3 актәи ахәҭа (атеррористтә еиҿкаара аԥҵара),  АЗ ахәҭаҷ 146, аҩбатәи ахәҭа (ауаа рӷьычра), АЗ ахәҭаҷ 438 актәи ахәҭа (атҟәацәа гәымбылџьбарала рызныҟәара).

2014 шықәса рзы Ахра Донецкҟа дцеит хатәгәаԥхарала. Аинтернационалтә отриад анапхгаҩыс дҟалеит. Аамҭақәак рышьҭахь ихаҭа еиҿикааз абригада "Пятнашка" напхгара аиҭон. Хьыӡшьарас имоуп – "Абхаз".

2015 шықәса рзы ареспублика аҳамҭа хада "Донецктәи Жәлар рреспублика афырхаҵа" ианашьоуп.

2020 шықәса рашәарамзазы Донецктәи "Пятнашка" ашьаҭаркҩы Аԥсны ахада дицхырааҩхеит, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа рашәара 9 рзы.

2020 шықәса абҵарамзазы Аҩӡба инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал иҩит.

Ажәабжьқәа зегьы
0