Аԥсны атәанчахәытә фонд: ԥхынҷкәын азы ашәарақәа иааиуа амчыбжь азы ихыркәшахоит

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәанчахәытә фонд 2021 шықәсазтәи абиуџьет иартәоит миллиардки 220 миллиони 432 нызқьмааҭ.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30-Sputnik. Ԥхынҷкәын азы атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи рыҭара иааиуа амчыбжь азы ихыркәшахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Гәылариа иҳәеит атәанчахәытә фонд ажьырныҳәа 12 инаркны Аҟәа, Аҟәеи Тҟәарчали рраионқәа рҟны аԥаранашьҭра иалагеит ҳәа. Ашәарақәа ирылагеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра акатегориа иаҵанакуа рыла.

Денис Гулария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәылариа еиҭеиҳәеит аԥсуа тәанчахәы аҟамзаара мзыс иамоу атәы

"Егьырҭ араионқәа зегьы рыҟны атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи рыҭара иааиуа амчыбжь азы ихыркәшахоит, акатегориақәа зегьы ирыҭахоит. Иазгәаҭоу 94 миллион мааҭ рҟынтәи 33 миллион аанханы иҟоуп. Анаҩсан, ажьырныҳәамзазы ашәарақәа ҳрылагоит", - иҳәеит атәыла атәанчахәытә фонд аиҳабы.

Гәылариа иажәақәа рыла, иагхан ауааԥсыра атәанчахәы рызшәара аҿкычымазара атәыла аекономика ианаҭаз ааха иахҟьеит ҳәа.

"Аԥарашәара Аҟәа инаркны иалагоит, избанзар ароуп еиҳа ирацәаҩны иахьынхо атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи зауа", - иҳәеит иара.

Денис Гәылариа иҳәахьан, атәанчахәытә фонд азгәаҭақәа рыла, 2021 шықәса нҵәаанӡа Аԥсны атәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара ишацло 9-9,5 нызқьҩык рҟынӡа. Ари аҭагылазаашьа урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара мап ахьацәыркуа иахҟьеит иҳәеит иара. Урыстәылатәи атәанчахәы аиуразы ихадоу зҵаароуп - аџьашықәс.

Атәылаҿы атәанчахәи аԥаратә цхыраагӡақәеи роуеит зынӡа 44 791-ҩык ауааԥсыра 39 категориа рыла, урҭ рахьтә 29 нызқьҩык раҟара – рықәрала атәанчахәы зауа роуп.

Аԥсны атәанчахәытә фонд 2021 шықәсазтәи абиуџьет иартәоит миллиардки 220 миллиони 432 нызқьмааҭ. 2020 шықәсазы абиуџьет иартәон миллиардки 103 миллион 263 нызқьмааҭ. Аизҳара атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи зауа рхыԥхьаӡара иахьеизҳаз иахҟьеит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0