Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәылариа еиҭеиҳәеит аԥсуа тәанчахәы аҟамзаара мзыс иамоу атәы

© Foto / SputnikДенис Гулария
Денис Гулария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа тәанчахәыи ацхыраагӡақәеи рызшәаразы иҟоу аиҵахарақәа зыхҟьаз.
Гәылариа еиҭеиҳәеит аԥсуа тәанчахәы аҟамзаара мзыс иамоу атәы

"Аҿкычымазара анцәырҵ ашьҭахь, атәанчахәтә фонд ахь иааиуаз ашәхәтәқәа маҷхеит, убри аҟнытә ҳагхан ауааԥсыра атәанчахәы рзаҳшәон. Анаҩс ажьырнымзазы иалагалан еиҭа аԥкракәа, анаплакқәа абжакы аус руӡомызт, уи ҳныԥшит. Ас еиԥш имаҷны алагалақәа ҟамлацызт, уи зегьы ачымазара иахҟьеит ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Ҳара ҳахь иаауа аԥара, аус зуа ауааԥсыра ироуа ауалафахәы аҟынтә иаауеит. Ирацәоуп анаплақәа зусура аанызкылаз, мамзаргьы аус зуа рхыԥхьаӡара ахьдырмаҷыз. Ас еиԥш аҭагылазаашьа макьана иҟазаауеит. Ҳара ачымазара ахы анцәырнага нахыс иаадыруан ас еиԥш ауадаҩра шыҟалоз. Насгьы ашәхтәқәа иалагалахо еиҳагьы имаҷхоит ҳәа ҳаҟан, аха иахьа мызкы хәыҷык инацны ауп аиҵахара ахьҳамоу. Уажәы ԥхынҷкәынмзазы аибашьра аветеранцәа ироуран иҟаз аԥарақәа нашьҭуп, убас хәҷы-хәҷы иҳаҩсыз ашықәс аҵыхәтәантәи амзазы иҳақәу ауал аҳаркуеит, анаҩс ари ашықәс азы ҳалагоит. Ҵыԥхтәи ауал аҟынтә 94 миллион мааҭ иахәҭоу аҟынтә, 33 миллион заҵәык ауп иаҳзаанхаз шәатәыс. Егьы амчыбжь инаркны араионқәа зегьы рызшара ҳалагоит атәанчахәы. Аҟәеи Аҟәа араиони ҳашьҭхьеит, уажәшьҭа ауаа ироур ахәҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гәылариа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0