Гәдоуҭа ахәҭак ацгәы амшала лашарада иаанхеит

© Sputnik / Акоп Кущян ВЛ Адзхыда
ВЛ Адзхыда - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Анапаҵаҩра
Аремонттә бригада асааҭ 16:00 – 17:00 шыҟоу аиԥш Гәдоуҭа аусурақәа ирылгап ҳәа иеигәыӷуеит.

АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ахәҭак астанциа маҷ ахь ихалаз ацгәы иахҟьаны лашарада иаанхеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гәдоуҭатәи афилиал аколл-центр аҿы.

"Авариа ҟалеит астанциа маҷ "Гәдоуҭа-1" аҟны. Ацгәы авакуумтә рцәагахь иҭалеит, уи иахҟьаны ацәаҳәақәа еихькьысит", - ҳәа рҳәеит аколл-центр аҿы. Ацгәы зеиқәымхеит.

Аҟазауаа ишырҳәаз ала, ақалақь агәы ахәҭак, Бамбора, Лыхны ахәҭак, Гагратәи амҩаду, авокзал лашарада иаанхеит.

Аусурақәа ирылаган асааҭ жәаба рзы, ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп асааҭ 16:00 – 17:00 шыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0