Аҟәа ахәҭак ахәаша жәабран 12 рзы лашарада иаанхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь ахәҭак лашарада иаанхоит аҳауатә цәаҳәа "Гәымсҭа" аҟны аремонттә усурақәа ирхырҟьаны. Уи аамҭазы ирцәахоит астанциа маҷқәа.

АҞӘА, жәабран 11– Sputnik. Ақалақь ахәҭа ахәаша, жәабран 12 асааҭ 12:00 - 16:00 рзы лашарада иаанхоит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо СУЕС аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

"Алашара ҟалом Араион ҿыц, Алашарбага аҳабла, Гәымсҭатәи амассив, авокзал, Ажәытә ҳабла, аџьармыкьа араионқәа иахьрыҵанакуа, Аботаникатә баҳчаҿы. Аҟәа абжак лашарада иаанхоит", - ҳәа иҳәеит Џьынџьал.

"Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы адырра ҟанаҵеит Аԥсны аҳҭнықалақь ахәҭак лашарада иаанхоит аҳауатә цәаҳәа "Гәымсҭа" аҟны аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0