Аслан Бжьаниа Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 27, 1919 шықәсазы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны". Ари амш Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа. Ари амш азгәаҭара иазку арыцхә ҳажәлар рзы аҵак ду амоуп. 1919 шықәса жәабранмза 27 рзы раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аҭыҵра ахҭыс аԥсуа жәлар рҭоурых даҟьа ҿыцны ианылеит. Амилаҭтә кьыԥхьи, ателехәаԥшреи, арадиои еснагь ҳажәлар ирҿахәҳәаганы иҟан. Ахә ашьара уадаҩуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар хацәнмырха иззықәԥоз аиаша адунеи аларҵәараҟны аԥсуа журналистцәа рылшамҭақәа", -  аҳәоит адныҳәалараҟны.

Адемократиатә ҿиара амҩа ылызхыз ҳҳәынҭқарра азы аҵак ду амоуп ажәа ахақәиҭра, аҵабырг аарԥшны аларҵәара, амассатә информациа ахархәагақәа рыҿиара, азгәеиҭеит Атәыла ахада.

"Ҳазҭагылоу аамҭа лымкаала аҭакԥхықәра рыднаҵоит ателехәаԥшреи, арадиои, акьыԥхьи русзуҩцәа. Урҭ рҟынтә аԥхьаҩцәа, ателехәаԥшцәа, арадиозыӡырҩцәа еснагь ирзыԥшуп обиективра злоу, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли реизҳазыӷьара хықәкыс измоу, ҳжурналистцәа рнапы иҵыҵуа зхаҭабзиара ҳараку ажәабжьқәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. 2001 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала ари амш Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0