Гагратәи аробототехникцәа Шәачатәи аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ргеит

© Foto / Карина БлиноваМуниципальный конкурс по робототехнике
Муниципальный конкурс по робототехнике - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Аробототехниказ амуниципалтә еицлабра мҩаԥысуан Шәача жәабран 27-28 рзы. Иара иалахәын гагратәи аҿиаратә центр "Ахыҵхырҭа" аҵаҩцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи аробототехникцәа Шәачатәи аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ргеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит гагратәи аҿиаратә центр "Ахыҵхырҭа" арҵаҩы Карина Блинова.

"Сынтәа сара аробототехниказ рҵаҩыс аусура салагеит аҿиара ацентр "Ахыҵхырҭа" аҿы, Гагра. Ацентр напхгара алҭоит Елена Шарова. Хҩык-хҩык рыла ишьақәгыло агәыԥқәа хԥа ҳамоуп. Дара зегьы рхы аладырхәит шәачатәи алицеи "Сириус" имҩаԥнагаз аицлабра. Акоманда "Амцаԥшь" аҟынтәи ахәыҷқәа  ахԥатәи аҭыԥ ныркылеит аконструктор "Лего" ала аробатргылара акатегориа "ҿыц иалагаз рцәаҳәа" ала. Аробот дара рхаҭа еизыркит, апрограммагьы шьақәдыргылеит",- лҳәоит Блинова.

© Foto / Карина БлиноваГагратәи аробототехникцәа Шәачатәи аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ргеит
Гагратәи аробототехникцәа Шәачатәи аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ргеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Гагратәи аробототехникцәа Шәачатәи аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ргеит

Аицлабра аԥҟарақәа рыла аробот атрасса ҷыда иарбоу аамҭак ала иахыср акәын. Гагратәи аҵаҩцәа – Алексеи Калашников, Амир Аиба, Едуард Каленџьиан ахԥатәи алҵшәа адырбеит. Блинова иазгәалҭеит ари дара рзы раԥхьатәи еиндаҭлараны ишыҟоу, мызки бжаки инарзынаԥшуа аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥыргоз.

Карина лыԥшәма Дмитри Блиновы лареи  Аԥсныҟа ииасит шықәсык аԥхьа. Уаанӡа, лара 11 шықәса аробототехника арҵаҩыс аус луан Москва. Ацентр аҿы хышықәса ирықәуп аробототехника аиԥш  аԥсуа бызшәа, англыз бызшәа, асахьаҭыхратә ҟазара акружокқәа аус руеижьҭеи.

Блинова илҳәеит лҵаҩцәа раԥхьатәи рықәҿиара агәышьҭыхра ду шылнаҭаз. Ԥхьаҟазы илыгәҭакуп лҵаҩцәеи лареи асеиԥш иҟоу аицлабрақәа рылахәхара, Аҟәа иҟоу аробототехникатә кружок анапхгара рнырра.

Аробототехниказ амуниципалтә еицлабра мҩаԥысуан Шәача жәабран 27-28 рзы. Иара иалахәын 180 команда: Москва, Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә, Аԥсны рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0