Аԥсны изаҭаатәу амзызқәа хәба ртәы рҳәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Осень в Абхазии
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Анапаҵаҩра
Аиҳарак атуристцәа Аԥсныҟа иаауеит амшын, аԥсабара аԥшӡара, аҩы, амандарина, амра рзы. Иарбану уаҳа аԥсы атәыла џьашьахәыс иамоу?

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аԥсны иалшоит атуристцәа ирыднагалаша маҷымкәа.

Урыстәылатәи атуристцәа СССР аамҭақәа раахыс Аԥсны аԥсшьара бзиа ирбоит. Урыстәыла Атуристтә маҵзурақәа ралианс апрезидиум алахәыла Алексан Мкртчиан иазгәеиҭоит ареспублика ишалшаз иамаз атурист лшарақәа реиқәырхара: амшын цқьа, ахәԥса лаҟәқәа асасааирҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, аресторанқәа рҿы.

Участники десятого джипперского Нового года посетили водопады Кодорского ущелья и горячий источник в Очамчырском районе республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Дмитри Богданов: Аԥсны агәабзиарачаԥаратә туризм рҿиалатәуп

"Уи анаҩсгьы: аӡиа Риҵа, Афонтәи аҳаԥы, ажәытә уахәамақәа, абаахыжәжәарақәа урыдырхалоит. Авиоеимадара аҟамзаара уаруадаҩуеит. 70% аԥсшьаҩцәа аҳәаа иаԥну акурортқәа рахь ицоит", - ҳәа иҳәоит аексперт.

Аԥсны атуристцәа зладнахало Светлана Холоднова леизгамҭа арадио Sputnik азы.

Ашьхараҿы акурортқәа

Ареспублика атуристцәа аднаԥхьалар ауеит аӡынгьы. Уи азы Ауадҳареи Мамзышьхеи рхархәара ауеит.

Ауадҳара – аминералтәи ихәшәуи аӡыҵыҵқәа ухы иаурхәар ауазар, Мамзышьха ашәҩақәшьқьраара алшоит уахьынтә амшын агәы ухыԥшыло. Иҟоуп афирмақәа Аԥсны ашьхашәҩатә ԥсшьара аиҿкаара иаҿу. 2020‒2021 шықәсазы ари аԥсшьарахк акыр иаҭаху акәхоит аҳәаақәа ахьарку азы. Асезон хәажәкыра анҵәамҭанӡа инаӡар ҟалоит.

Момкеишн, мамзаргьы аҳәса рзы зегьы

Астатистикатә дыррала аҳәса Аԥсны бзиа ирбоит. Убас аԥсуа курорт Гагра ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан аҳәса еиҳа иалырхыз курортуп.

Колоннада в Гаграх  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2021
Гагратәи атуристтә базақәа 2021 шықәсазы аҿаҵаразы еиҳа ирҭаху аҭыԥқәа ирыҵаркит

Арахь аара иамзызқәаны ишьоуп: ашопинг, аҽырзҩыдара, ахашьклаԥшра, момкеишн (англ. momcation – mom "ан", vacation "аԥсшьара", аҭаацәара ран аҩнусқәа рҟынтәи лыԥсы анылшьо), аибадырра, аспорт, аныҟәарақәа, 2020 шықәсазы иактуалхаз ахалаҟазаара.

Афон ҿыц – ахацәа рзы

Афон ҿыц ахацәа еиҳа бзиа ибаны иалырхуеит. Иҟалоит рхала ианаауа, иҟалоит аиҩызцәа рҽеидкыланы ианаауа. Ахацәа аинтерес рымоуп ақалақь акәша-мыкәша имаҷым аҳаԥқәа рыҭҵаара.

Ибыбышу ма аҵыхәа змоу амзыз

Ала, ацгәы – аҭаацәа ирыхәҭакны иахьырбо ыҟоуп. Ирацәаҩуп ԥсшьара амҩа иқәло рыҩны ԥстәқәа џьаргьы рааныжьра зҭахым. Аԥсны уи азы ԥкырак ыҟам. Гагра абри аганахьала еиҳа уздызкыло курортны иршьоит.

"Ҭырқәтәылатәи" амзыз

2021 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны иаатуеит раԥхьатәи аҭаацәаратә отель "ҭырқәтәылатәи" авариант ала.

Отель Турецкого семейного формата  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2021
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаатуеит "аҭырқәа" формат иеиԥшу ҭаацәалатәи аԥсшьарҭатә отель

Асасааирҭаҿы еиҿкаахоит адуцәа рзеиԥш ахәыҷқәа рызгьы агәмырҿыӷьырҭақәа. Анацәеи абацәеи ироуеит алшара рхәыҷқәа апрофессионалцәа, аниматорцәа аус рыдырулонаҵы ҭынч рыԥсы ршьар. Аотель аадыртуеит Гагра.

Аҟазауаа еицҿакны ирҳәоит Аԥсны атуристтә ԥеиԥш ду амоуп ҳәа. 2021 шықәсазы иазыԥхьагәаҭоуп миллионҩык иреиҵамкәа урыстәылатәи атуристцәа атәыла раҭаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0