Sputnik амчыбжь: ахада "дыԥхьатәароуп", Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа, абанк арҳәра

© Sputnik / Асмат Цвижба Обстановка у здания администрации президента
Обстановка у здания администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара, 200-ҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа еизеит, Ахра Аҩӡба иаанкыларазы ажәабжь ҿыцқәа ҟалеит, акоронавирустә ԥкрақәа ирыцҵоуп.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиднакылеит абарҭи егьырҭ еиҳа иактуалтәу амчыбжь ахҭысқәа.

Sputnik

"Аруаа" аизара дуи Бжьаниа идгылаҩцәеи

Аԥшьаша, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысит атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Республиканская общественная организация Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
"Аруаа" реизара ду аҟны ахада хатәгәаԥхарала ԥхьатәара дцаразы арезолиуциа рыдыркылеит

Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәылеи Аԥсни рекономикатә еизыҟазаашьақәа ҟалар шыҟамло, ус анакәымха Аԥсны аофициалтә Қарҭ аполитика шаларҵәахо.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла анапхгара ҿыц рааира ашьҭахь аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шеицәахаз.

Уи адагьы иара иҳәеит атәыла анапхгара акриптовалиута амаининг азин ахьыҟарҵаз азы ауаа амыругақәа аахәаны, ахарџь ҟарҵеит, анаҩс ари аусура ахьааныркылаз иахҟьаны, атәыла ауааԥсыра реиҳараҩык ацәыӡ ду шроуз, абарҭқәа зегьы шыгха дуу азгәеиҭеит Гәлиа.

Акритика азиуит иара убасгьы Қырҭтәылеи Аԥсни ҩаӡарарацәалатәи реизыҟазаашьазы аиҿцәажәарақәа ҟалар алшоит ҳәаахьырҳәаз. "Аруаа" ргәаанагарала, иахьазы Қырҭтәылеи Аԥсни урҭ рҩызцәа аизыҟазаашьақәа рымамзароуп.

"Аруаа" реизара ду аҟны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала ԥхьатәара ицаразы арезолиуциа рыдыркылеит, атәыла ахадак иаҳасаб ала иус изынамыгӡеит ҳәа иԥхьаӡаны.

Обстановка у здания администрации президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ахьеизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

Иара убри амш азы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ҩышәҩык инареиҳаны. Аусбарҭа иакәшаны игылан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа.

Абри аганахьала игәаанагара аарԥшуа, аоппозициа аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара рыгәҭакым ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы, аԥыхьатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба "Аруаа" реизараҿы.

"Амчра мцҳәарыла знапахьы иаазгаз уи рымпыҵԥшшар ҳәа ишацәшәо унарбоит имҩаԥысуа зегьы. Ҳара аҿиара ҳҭахуп, аха убри аан иаабом уи алзыршаша программак, концепциак, жәалагалак, идеиак, реформак. Анапхгара иртезис хаданы иҟоу акоуп - амчрахь инеижьҭеи шықәсык мацара акәу шыҵуа, апандемиагьы шырԥырхагахаз, аха ари узлацәажәаша ракәым", - ҳәа иҳәоит иара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иеизаз идгылаҩцәа рахь дцәырҵны, иҟарҵаз адгыларазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәхымҩаԥгашьазы. Сгәыӷуеит ҳтәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҳра руа иҟаҳҵап ҳәа Урыстәылеи ҳареи ҳусеицурала", - ҳәа иҳәеит иара.

Ахра Аҩӡба иус

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Аԥсны АШәМ: Аҩӡба дзыхьчоз иҩызцәеи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын

Иааныркылеит иара убасгьы ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа дара мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала Владимир Шьербаков административтә зинеилагара ҟаиҵеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.

Хәажәкыра 4 рзы иааныркылаз Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз хәҩык ҩызцәеи Аԥсны АШәМ иамоу аоперативтә информациала Аԥсны аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын ҳәа аанацҳаит хәажәкыра 8 рзы Аԥсны АШәМ асаит.

Аӡбарҭатә еилатәараан Ахра Аҩӡба иазгәеиҭеит ахада ицхырааҩыс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭтәызарц арзаҳал насышьҭхьан ҳәа.

Хәажәкыра 10 рзы Ахра Аҩӡба Аԥсны ахада ицхырааҩыс ахада Иусбарҭа аштат аҿы дшыҟац дыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Посольство РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аҩӡба иаанкылара аҩныҵҟатә ус акәны иахәаԥшуеит

"Аха, ашьаус ахацыркра инадҳәаланы ахада иара истатус аганахьала аӡбамҭа идикылоит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Ахра Аҩӡба иаанкылара Аԥсны аҩнуҵҟатә ус акәны, азинхьчаратәи аӡбарҭатәи усбарҭақәа ркомпетенциа иаҵанакуа усны иахәаԥшуеит. Абри азы Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы аҳәамҭа ҟанаҵеит.

"Аҭагылазаашьа амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны аҭышәныртәалара мҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳаманы ааԥхьара ҟаҳҵоит, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа рахь азиндырратә аспектқәа рхы рыларымгалаларц, аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭынчра аиқәырхаразы", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Ахадеи адепутатцәеи реиԥылара

Хәажәкыра 9 рзы Апарламент аҿы атәыла ахадеи адепутатцәеи аиԥылара рыман.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан аенергетика, амаининг, азинхьчаратә усбарҭақәа русура, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара, аурыс тәанчахәы змауа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәара, Аԥсны адәныҟаполитикатә концепциа, ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.

Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа ирыдигалеит адәныҟаполитикатә концепциа ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ирызку ахәҭазы рхатә редакциа аздырхиарц.

Заседание Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Бжьаниа адепутатцәа ирыдигалеит адәныҟаполитикатә концепциа рхатә редакциа аздырхиарц

Аимак-аиҿак ахылҵит апункт: Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара ҩаӡарарацәалатәи аиҿцәажәарақәа рформатцҵа аиҿкаара. Атермин "ҩаӡарарацәала" азҵаарақәа рацәаны ицәырнагеит.

Адепутат Дмитри Арӡынба иҳәеит уаанӡатәи ахцәажәарақәа раан ари атермин атекст иалгазарц шыӡбаз.

Аслан Бжьаниа "Ашәҟәы азшәырхиа, уи аконцепциа ианырԥшхоит. Ишәҭахызар атермин "ҩаӡарарацәалатәи аиҿцәажәарақәа" амхра, проблема ыҟаӡам, иамаҳхуеит", - иҳәеит.

Ахра Аҩӡба аҳәынҭқарратә напхгара аиҭакра игәҭакын ҳәа Ашәарҭадаратә маҵзура агәаанагара иашоума ҳәа иҭаз азҵаара аҭаус иҳәеит "аӡәы иусура ихы шалеимгало, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы иацәажәартә аҭагылазаашьа шрымоу".

Иалацәажәан акоррупциа азҵаара. Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Ахылаԥшратә палата Апрокуратура хадахьы инанашьҭит 38 материал, 2014-2020 шықәсқәа рызтәи агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла аха макьана лҵшәа убом ҳәа. Иара иазгәеиҭеит акоррупциа аҿагыларазы азакәан аус ауам анорматив-зинтә актқәа еиҭамккәаны ҳәа.

Ахада иара убасгьы адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аган авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азура ишақәшаҳаҭу. Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла афымцалашараз атарифқәа ирыцҵатәхоит. Иазыԥхьагәаҭоуп 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны рышьҭыхра.

"Ари згәаԥхо шмаҷугьы, ада ԥсыхәа ыҟам. Иахьа 40 копеи ишаԥсоугьы изшәо маҷҩуп, избанзар афымцамчԥхьаӡагақәа маҷуп. Урҭ ахьықәгылоу аҭыԥқәа рҿы 90 процент аԥарашәара еиҿкаауп", - иҳәеит ахада.

Абанк арҳәра

Хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы "Амра-Банк" аҟәатәи аофис-цҵа аҟны арҳәра ҟалеит. Абанк иақәлеит ԥшьҩык, асабарда зҿаз, бџьарла еибыҭаз ауаа. Иргаз аԥара заҟа ыҟоу шьақәыргылам. Абанк аусзуҩцәа ахьчаҩцәа адырра рырҭеит.

Автомобиль Ford Galaxy загорелся днем в городе Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
"Амра-банк" зырҳәыз иртәуп ҳәа агәҩара ззыҟоу амашьына блит Аҟәа

Аҭыԥ ахь инеиз ашәарҭадаратә усзуҩ ақәылаҩцәа рмашьына дашьҭалеит. Избоз ишырҳәо ала, Volkswagen Transporter амашьына Ford иашьҭалеит Аидгылара амҩаҿы. Убри аан ахысбыжьқәа аҭыԥ рыман.

Автомашьына "Ford Galaxy" Аҟәа, Арратә мҩаҿы амца акит ҳәа адырра ҟаҵан хәажәкыра 10, асааҭ 12.32 рзы. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи. Амашьына блит, аӡәгьы ԥырхага имоуит.

Амобилтә госпиталь Аԥсны иқәҵит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит хәажәкыра 9 рзы.

Медики ЮВО из Ставрополья вернулись в ППД - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Урыстәылатәи арратә госпиталь Аԥснынтәи Ставропольҟа ихынҳәит

Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рзыҟаҵан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь, 2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагаз, арратә техника аилазаара иаланы, 800 километра амҩа иахысны есқьаангьтәи ргыларҭа ҭыԥ иазыхынҳәит, Ставропольтәи атәылаҿацәахь.

Аԥкырақәа рыҿҳәара инахоуп

Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб хәажәкыра 9 рзы иҟанаҵаз ажәалагала шьаҭас иҟаҵаны, атәыла ахада аӡбамҭа идикылеит уаанӡа хәажәкыра 10 рҟынӡа амч змаз аԥкрақәа рыҿҳәара мшаԥы 12 рҟынӡа инахазарц.

Люди в масках в транспорте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Акоординациатә штаб ахада иабжьыргеит аковид аламырҵәаразы аԥкрақәа рыҿҳәара инахазарц

Уи аусԥҟа инақәыршәаны, мшаԥы 12 рҟынӡа азин ыҟам: ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара; амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара; аспорттә обиектқәа русура (афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатә бассеинқәа), аҳауаҿы абаҩрҵәыра-спорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ада; СПА-салонқәа, асаунақәа русура; арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура иарку азалқәа рҿы; акомпиутертә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа русура.

Икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц 2021 шықәса мшаԥы 12-нӡа руалафахәы рызныжьны. Аусура инеиуа аусзуҩцәеи аҭааҩцәеи хымԥада ахыхьчагатә материалқәа рыла еиқәшәазароуп.

Акриптожәабыжьқәа

Амаининг ароблемақәа Аԥсны ишактуалыц иактуалуп.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Аԥсны ААР мчыбжьык аҩнуҵҟала 230 маининг-аппарат аҿырхит

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ААР аусзуҩцәа акриптоферма ду аадырԥшит Очамчыра араион Аҽгәара ақыҭан.

Акриптоферма уаҩ дзыҩнамыз хатәы ҩнык аҿы ирыԥшааит агәаҭарақәа рымҩаԥгараан. Амаининг-аппаратқәа актәи аихагылаҿы игылан, аҩбатәи аихагылагьы рықәыргылара иазырхиан.

Зынӡа 471 аппарат ыҟан. Амилициа аферма фымцалашарала еиқәзыршәоз атрансформатор аҿырхит, амҳәыр аадырхеит.

Аԥсны ААР аҿы ирҳәеит аҳҭнықалақь аҿы аусбарҭақәа ртехникатә хыбрақәа, аҩнеихагылақәа, агаражқәа, ахатә ргыларақәа рҿы аимдарақәа шымҩаԥырго.

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла амаининг аппаратқәа атәыла иалыргоит. Жәабранмза аахыс 7338 аппарат атәыла иалыргахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0