00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Владимир Путин иааԥхьарала Бадра Гәынба маи 9 рзы Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥысран иҟоу Аиааира Ду апарад далахәхоит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура."Аиааира амш — ари ҳажәларқәа иеицырзеиԥшу иԥшьоу рыцхәуп. Москва имҩаԥысуа аныҳәақәа рылахәхара — Афырхацәа ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵареи Аиааира Ду иазку аиаша аиқәырхараҿы иҳаду аҭакԥхықәра ашьақәырӷәӷәареи роуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Асҭамыр Кациа Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, ҳәа адырра ҟанаҵоит адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.2013 шықәса инаркны адипхаҭарнакра ахадас дыҟан Тҟәарчал ииз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Олег Боциев. Уи иԥсҭазаара далҵит 2025 шықәса нанҳәа 28 рзы.
Москва иҟазаараан, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ахада Едуард Быҭәбеи атрансплантологиеи иԥсабаратәым аорганқәеи рзы НМИЦ адиректор Сергеи Готиеи агемодиализ ззыҟарҵо ачымазцәа рыцхыраара иалацәажәеит.Апресс-конференциаҟны аминистр иҳәеит Аԥсны зҷаҷа атрансплантациа аҭаху 61-ҩык шыҟоу.Быҭәба иажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаа ари аполис ала ацхыраара роура алзыршо аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа аратификациа анырзыҟарҵалак ашьҭахь, арҭ ачымазцәа рыцхрааразы аусура мҩаԥгахоит.Урыстәыла атәылауаҩра змам Аԥсны атәылауаа рыуацәа рҷаҷақәа роуп рхы иадырхәар ауа
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иаԥҵоу ашьадатә центр аҿы 180-ҩык инареиҳаны ачымазцәа ацхыраара роухьеит иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Быҭәба иажәақәа рыла, 2026 шықәсазы Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ргәы иҭоуп атәыла аҩнуҵҟа агәы аҿышәҭақәа рыԥсахразы аоперациақәа рымҩаԥгара. Уи азы иаахәатәуп иԥсабаратәым ашьеикәыршаратә аппарат, иара ахә 50 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Актәи аетапқәа раан аоперациақәа мҩаԥыргалоит урыстәылатәи аҟазауаа, анаҩс аминистрра ргәы иҭоуп аԥсуа ҳақьымцәа ашьадатә хирургиа иазҟазоу ацентрқәа рахь рԥышәеизырҳаразы рышьҭра.
Гагратәи амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иацҵоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба."Уажәы апансионат "Амза" инаркны апансионат "Жәҩакәара" аҟынӡа, 300 метра инарзынаԥшуа иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы аусурақәа анаҩстәи ретап нап ркуп . Аусурақәа мҩаԥысуеит араион абиуџьет ахарџь ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0