Аԥсны Апрокуратура хада ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы абжьгарақәа ишрықәныҟәо гәанаҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба Ученик в защитной маске на уроке
Ученик в защитной маске на уроке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 аахыс азин ыҟоуп ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи 1 – 4 аклассқәеи русура азин ҟаҵоуп, жәабран 22 раахыс 5 – 11 аклассқәа раартра азин ҟалеит.

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Атәыла аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны асанитар-епидемиологиатә ҭахрақәа зеиԥшла ирықәныҟәоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Ари аҩыза алкаа ҟанаҵеит аусбарҭа имҩаԥгаз агәаҭарақәа рышьҭахь. Агәаҭарақәа мҩаԥысуан апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа инапынҵала.

РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Акоронавирус азы аԥкрақәа мшаԥы 12 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵахоит

Аусбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәа зегьы рҟны акрыфарҭақәа русура аанкылоуп ҳәа.

Убри аан аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны, асанитартә ҳақьымцәа алархәны имҩаԥгаз аинспекциа школқәак рҟны иаанарԥшит асанитар-епидемиологиатә ҭахрақәа реилагара аҭыԥ шамаз: ауадақәа аԥша рыҩнарсра, аклассқәа реилыргара, уб.иҵ.

Иара убасгьы Аҟәа ақалақь аусбарҭақәак рҿы акәымзар аҳауа арзҩыдараз ахархәагақәа – арециркулиаторқәа ыҟаӡам. Ари аилагара аԥыхразы аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа роума аҵаратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа роума акгьы ҟарҵом.

Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны школқәак рҿы ҩ-сменакны аҵараҵара аадыртит, аха ахәыҷқәа реилатәараан адистанциа азгәаҭара зехьынџьара иалыршам.

Агәаҭарақәа ирылкаауп: араионқәа рхадацәа, аҵаратә усҳәарҭақәа рхадацәак ргәырҽанҵара, маҵзурауаҩык административтә ҭакԥхықәра идҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0