Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни 4 миллиона незадекларированных рублей выявлено у гражданина
4 миллиона незадекларированных рублей выявлено у гражданина - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Анапаҵаҩра
Азакәан инақәыршәаны аԥареи (ма) амҩатә чекқәеи ЕАА 10 нызқь доллар иреиҳау, аамҭакала атәыла алагалара/алгара аан аԥареи амҩатә чекқәеи ҩыратә формала аҳазалхратә декларациа иахыжьтәуп.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Адекларациа зызуымыз 4 миллон мааҭ аԥара Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз атәылауаҩ идырбалеит шәачатәи аҳазалхыҩцәа ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аҳазалхырҭа аусзуҩцәа аоперативтә информациа рыман Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Шәачатәи амаҵзураҟынтәи ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала иахыгахар алшоит ззин ыҟам атауар ҳәа. Аҳәаа иахысуаз ргәаҭаратә уснагӡатәқәа раан даанкылан анапынҵатә ԥара рацәа аҳәаа иахызгоз атәылауаҩ.

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп
Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп - Sputnik Аҧсны
1/2
Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп
© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп
Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп - Sputnik Аҧсны
2/2
Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп
1/2
Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп
2/2
Аҳәааҿы анапынҵатә ԥара закәаншьаҭада аиагара аԥырҟәҟәаауп

"Ахаҵа акоридор "иаҵәала" дымҩасуан. Ашәҟәы иҭагалатәу атауар умоума ҳәа ирҭаз азҵаара мап ҳәа ахиҳәааит. Дызҵаз ашәыра еиқәаҵәа агәаҭараан иаарԥшын аа-пачкак аԥара аурыс валиутала, зынӡа 4 миллион мааҭ инаӡоз", - аҳәоит адырраҭара.

Убри аан азин ҟазҵоз шәҟәы ицмызт.

Азакәан инақәыршәаны аԥареи (ма) амҩатә чекқәеи ЕАА 10 нызқь доллар (авалиутатә курс иақәшәо) иреиҳау, аамҭакала атәыла алагалара/алгара аан аԥареи амҩатә чекқәеи ҩыратә формала аҳазалхратә декларациа иахыжьтәуп.

Азин еилазгаз ахаҿы аԥара имхын. Уажәы ирыӡбоит УА АЗ ахәҭаҷ 200.1 ахәҭа 1 инақәыршәаны (анапынҵатә ԥареи (ма) аԥаратә хархәагақәеи рконтрабанда) ашьаус ахацыркра азҵаара.

Ари азакәан ахәҭаҷ ала асанкциа иазыԥхьагәанаҭоит иахырго аԥара хынтә инаркны жәантә рҟынӡа еиҳаны ахараԥса ашәара мамзаргьы ҩышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра, ма ҩышықәсатәи аҿҳәарала аусурақәа хәыдаԥсада рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0