Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны иаха амцакрақәа аҭыԥ рыман

© Foto / МЧС РА Пожар в сухумском районе
Пожар в сухумском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Абылрақәа рырцәаразы ахархәара рыҭан амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба, Аҟәатәи абылреиқәырхаратә ҟәша аотриад.

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны иаха амцакрақәа аҭыԥ рыман ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Аҟәа АЕМ амцарцәаратә ҟәшақәа асааҭ 19:51 - 21:49 рыбжьара хынтә амцакрақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рахь инеит ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.

Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ зху амҩаҿы аҩнеихагылаҿ амцакра ҟалеит, аха амца аҽеибанаркаанӡа амцарцәаҩцәа ирылшеит амца артәара.

Уи ашьҭахь, Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан Аԥсилаа рымҩаҿы игылаз аҩнаҿы амцакра ҟалеит. Аҩбатәи аихагыла аиқәырхара залымшеит. Аҭыԥ аҿы ԥсыҭбара ыҟам.

Хәажәкыра 22 асааҭ 21:40 рзы Аҟәа, Соловьев имҩа, атрансформатор аҿы амцакра ҟалеит.

Абылрақәа рырцәаразы ахархәара рыҭан амцарцәаратә расчотқәа ԥшьба, Аҟәатәи АЕМ аиқәырхаратә ҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0