"Амшынеиқәафымцамч" аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ «Черноморэнерго» прошло совещание министра экономики Кристины Озган с руководством и представителями районных филиалов
В «Черноморэнерго» прошло совещание министра экономики Кристины Озган с руководством и представителями районных филиалов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы имҩаԥысит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани анаплакы аиҳабыреи араионтә филиалқәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара.

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны афымцамчхархәара иартәоит ҩ-миллион киловаттк сааҭк ала ҳәа лҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабыреи араионтә филиалқәа рнапхгаҩцәеи данырԥылоз.

Лара иазгәалҭеит макьана 2020 шықәса хәажәкырамзазтәи арбагақәа рҟынӡа ишзымнеиц, аха уеизгьы афымцамчхархәара, маҷк акәзаргьы, алаҟәхара ишалагаз.

"Уажәы иҟоу арбагақәа ҳаракуп, асистема урҭ азышьҭыхӡом. Убри азы лассы-лассы аԥхасҭақәа ҟалоит, аусзуҩцәагьы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура рықәшәоит, ҭыԥк аҟынтәи даҽа ҭыԥк ахь рынашьҭра ҳақәшәоит", - лҳәеит Озган.

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит афымцамчхара алаҟәра ишалагаз Гәылрыԥшь, Гал, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы, аҭагылазаашьа макьана ибааԥсуп Гагра, Аҟәа, Гәдоуҭа араионқәа рҿи Аҟәа ақалақьи.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Амшынеиқәафымцамч" аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит
Амшынеиқәафымцамч аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит

Гәылрыԥшьтәи "Амшынеиқәафымцамч" аҟәша аиҳабы Зураб Ханагәуа иазгәеиҭеит 2021 шықәса ианналага инаркны ақәыӷәӷәара 46 мегаваттк ишыҟаз, аха хәажәкырамзанӡа урҭ 33 мегаваттк рҟынӡа рыларҟәра шрылшаз. Ари амза иалагӡаны х-авариак ҟалеит араион аҿы ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Авариақәа рыстатистика анҵалатәуп, урҭ ҟазшьас ирымаз, иахьынӡашәарҭаз, хҟьаԥҟьақәас иҟарҵаз, ибзианы иаҳдыруазароуп реиҳа иуадаҩу аҭыԥқәа ахьыҟоу. Ҳара дҵас иҳамоуп авариақәа рхыԥхьаӡара ҳармаҷырц азы шьаҿақәас иҟаҵатәу аилкаара", - ҳәа азгәалҭеит Озган.

В Адыгее построена первая в регионе солнечная электростанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
"Амшынеиқәафымцамч": Аԥсны 90 нызқь рҟынӡа фымцамчԥхьаӡага ықәыргылатәуп

Гал араион "Афымцамчҭира" аҟәша аиҳабы Дмитри Бадич иазгәеиҭеит амаининг атема рраион аҿы актуалра шаҵам - аҵыхәтәантәи аферма аҿыхын ажьырныҳәамзазы, мчыбжьык ала хә-қыҭак гәаҭан, уа иаарԥшын х-фазак ирықәтәаз 132-ҩык абонентцәа, урҭ рахьтә 31-ҩык абонентцәа аҿыхын изакәанымкәа иахьаԥшьыз азы.

Тҟәарчал араион аҿы изакәанымкәа х-фазак ирықәтәаз 90-ҩык абонентцәа аарԥшын, урҭ рахьтә 47-ҩык аҿырххьеит, егьырҭ раҿыхразы аусурақәа ирыцҵоуп, аха аиҭаҿаԥшьрақәагьы аҭыԥ рымоуп. Амаинингтә фермақәа рахьтә ҿыц иаҿаркыз ҳәа акгьы рымбацт.

Аекономика аминистр иазгәалҭеит Тҟәарчал араион аҿы ҵыԥх аасҭа 80 процент рыла афымцамч ахархәара шеизҳаз, уи шаҳаҭра азнауеит изакәанымкәа ахархәара ишацлаз. "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа излеиҳәаз ала, иҟоу апроблемақәа ирыхьмырԥшкәа, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь, Гал араионқәа иҟалар зылшо ақәыӷәӷәарақәа ишырхымԥо.

"Ҳара зеиԥшла ақәыӷәӷәарақәа лаҳарҟәыроуп. Урҭ ахьыҳаракцәоу иахҟьаны ауааԥсыра лашарада иахьа хәлаанӡа атәара рықәшәоит, ус ҟалар ҟалаӡом. Убри азы ҳаԥхьа иқәгылоу адҵа ҩ-хырхарҭак амоуп - узхымԥаша ақәыӷәӷәарақәа рыҩаӡара арбагақәа рыларҟәреи 2020 шықәсазы иҟаз ахархәара аҩаӡараҟынӡа анагареи", - лҳәеит Озган.

Очамчыра араион аҿы изакәанымкәа х-фазак ирықәтәаз 32-ҩык абонентцәа аҿыхын, бжьы-ҩнык рҟны амаининг фермақәа аҿыхын. Аха уеизгьы ари араион аҿы макьана афымцамчхархәара 3 мегаваттк рыла ишеиҳау убарҭоуп иҳәеит Логәуа.

Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2020
Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

Аҟәа араион "Амшынеиқәафымцамч" афилиал аиҳабы Даур Ҷыҭанаа иҳәеит акриптомашьынақәа змаз 12-ҩык абонентцәа шаҿыхыз, ҿыц рыҽшаԥыршьыз хә-фермак.

"Мызки бжаки рыла иаҳамбац ақәыӷәӷәара змаз атрансформаторқәа ԥшьба аҿыхын, руак ашкол аҟны ишьақәыргылан", - иҳәеит иара.

Аҟәа 31-ҩык абонентцәа ыҟоуп, урҭ рахьтә 27 нызқьҩык афымцамч ахархәаразы есымша ахә зшәо роуп, 3038-ҩык – альготақәа змоу роуп.

Мчыбжьык иалагӡаны 15 мҩаду гәаҭан аҳҭнықалақь аҟны, иаарԥшын х-фазак змаз 90 цәаҳәа, урҭ рахьтә 25 заҵәык ракәын атехникатә ԥҟарақәа ирықәшәоз, егьырҭ изакәанымкәа иаҿаԥшьын. Иара убас иаарԥшын ԥшь-криптофермак.

Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа реиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь аҟны аелектроавариақәа рацәаны ишыҟоу. Ҽнак ала 20-40 зыҳәа ҟалалоит.

"Ақәыӷәӷәарақәа аизҳара иаҿуп, уи иахҟьаны авариақәа ҟалоит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ҩ-станциа маҷк рҿы ҩынтә абылрақәа ҟалеит, аҭагылазаашьа уадаҩын. Атрансформаторқәа ак рыхьыр, изыԥсахуа ҳамаӡам. Иахьатәи аамҭазы убас трансформаторк ааблыр, катастрофа ҟалоит", - иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион аҿы 13650-ҩык абонентцәа ыҟоуп, 800-ҩык альготақәа рымоуп. Иаарԥшын изакәанымкәа х-фазак змаз 54 цәаҳәа, урҭ рахьтә 14 - маинингтә фермақәан, анаҩс урҭ рызегьы аҿыхын.

Араион аҿы мызктәи афымцамчхархәара алимит аасҭа аа-мегаваттк рыла еиҳауп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы авариа дуқәа жәаба ҟалеит, иԥсахын атрансформаторқәа ааба.

Сухум ПС-2 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" ареконструкциа шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит анџьныр

Гагра араион аҿы игәаҭан 220 нхамҩа, 132-ҩык абонентцәа изакәанымкәа х-фазак ирҿаԥшьын.

Гагра араион "Афымцамчҭира" аҟәша аиҳабы Алхас Ҷанба иажәақәа рыла, 2021 шықәса актәи аԥшьбарак азы 840 зыҳәа ҟаҵан аелектроавариақәа ҟалеит ҳәа, "Амшынеиқәафымцамч" абзоурала иԥсахын атрансформаторқәа 11.

"Аусура иааиԥмырҟьаӡакәа, ишақәнагоу, иагьырџьбараны имҩаԥгалатәуп. Ҳара хацәнымырха, алҵшәа бзиа аарԥшуа аус ҳаулароуп, мамзар уаҵәтәи аҭагылазаашьа бааԥсхар алшоит", - лҳәеит Кристина Озган, аиԥылара еихшьало.

Аекономика аминистр иара убас иазгәалҭеит "Амшынеиқәафымцамч" афилиалқәа рнапхгаҩцәеи лареи ари аҩыза реиԥылара даҽа ҩымчыбжьа рышьҭахь ишыҟало. Араионқәа рҟны аҭагылазаашьа агәаҭаразы актқәа "Амшынеиқәафымцамч" аиуристтә маҵзура игәанаҭароуп, анаҩс азинхьчаратә усбарҭақәа ирынаҭароуп ҳәа инаҵылшьит лара.

 Диспетчерская   Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Жәабранмзазы Аԥсны афымцамч ахархәара 100 мегаваттк рыла еиҳахеит

Михаил Логәуа ажьырныҳәамзазы аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсныҟа иаауа Урыстәылеи Аԥсни ззеиқәшаҳаҭхахьаз 800 миллион киловатт-сааҭ афымцамч ҳтәыла иазымхар шалшо. Усҟан ареспублика ахы ианархәон 10,5 миллиона киловатт-сааҭ уахыки-ҽнаки рыла.

Жәабранмзазы Аслан Бжьаниа аиҳабыра алахәылацәа, араионқәа рхадацәа, "Амшынеиқәафымцамч", Апрокуратура хада, ААР ахаҭарнакцәа еизганы данрацәажәоз иҳәахьан жәабранмзазы Аԥсны афымцамчхархәара 8,3 миллион киловаттк еиҳамхароуп ҳәа.

Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуа иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы, убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ажьырныҳәа 20 рҟынӡа ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара роуан. Кристина Озган иазгәалҭахьан Аԥсныҟа аурыс фымцамч ааира иалагаанӡагьы, 2020 шықәса 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзы Урыстәыла аҿаԥхьа ауал 619 миллион мааҭ еиқәылахьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0