Жәабранмзазы Аԥсны афымцамч ахархәара 100 мегаваттк рыла еиҳахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Диспетчерская "Черноморэнерго"
 Диспетчерская   Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Анапаҵаҩра
Процентла еиҿурԥшуазар, ареспубликаҿы афымцамч ахархәара алимит иаԥнагеит 27% рыла.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Жәабранмзазы Аԥсны афымцамч ахархәара 100 мегаваттк рыла еиҳахеит. Арҭ арбагақәа ааган амаининг фермақәа русура аԥкра ахылаԥшра аҭаразы Аминистрцәа реилазаараҿ имҩаԥгаз аусутә еилацәажәараҟны.

ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Аԥсны араионқәа рҿы изакәаным амаинингқәа ирҿагылоит

Аилацәажәара мҩаԥысуан аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ихантәаҩрала, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, араионқәа рхадацәа, Аҳазалхратә еилакы, Атехникатәи, астандарттәи, ахархәаратәи хылаԥшра рхаҭарнакцәа алархәны.

Аенергетикцәа иазгәарҭеит афымцамч ахархәара иџьоушьаратәы иаалырҟьаны иазҳаит ҳәа. Процентла еиҿурԥшуазар, ареспубликаҿы афымцамч ахархәара алимит иаԥнагеит 27% рыла.

"Ажьырныҳәамзазы ареспубликаҿы ахархәара аҭан 380 мегаватт, ари амзазы – 485 мегаватт. Астанциа маҷқәа зегьы рҿы аноминал иацны аусурақәа мҩаԥысуеит. Аидаратә уадаҩрақәа ирықәшәаны иҟоуп астанциа маҷқәа "Аҟәа-2", "ИЕПИТ", "Баслаҭа". Ԥхьаҟагьы ас иҟалар, аԥкрақәа алагалатәхоит", - ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа.

ЕгрыГЕС аремонт цонаҵы ишьақәыргылоуп узхымсша алимитқәа, аҵаратә усбарҭақәа русура ахацыркрагьы азԥхьагәаҭан.

ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Бжьаниа ахархәараз узхысыр ҟамло афымцамчхыԥхьаӡара атәы иҳәеит

Араионқәа рхадацәа аҳасабырба ҟарҵеит ареидтә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго азы.

Иазгәарҭеит аферма дуқәа шаҿыху, аха аферма маҷқәа рзы апроблемақәа шыҟоу.

Аҳазалхратә еилакы ахаҭарнакцәа ирҳәеит Аԥсны ишалгоу 6 000 рҟынӡа акриптовалиута аиуразы аппаратқәа.

Аилацәажәара аихшьаалала Владимир Делба анапынҵа ҟаиҵеит ишалшо ала афымцамч ахархәара еиҵатәызарц, араионқәа рҿы ареидқәа рӷәӷәазарц, араионқәа рыбжьара амаинингфермақәа "рмиграциа" алмыршазарц, иара убасгьы ареспублика амаининг хархәагақәа ралгара ԥкыра аҭамзарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0