Аԥсны арепатриациазы уаанӡатәи аминистр иганахьала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМинистр по репатриации Беслан Дбар
Министр по репатриации Беслан Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 2017 шықәса раахыс Беслан Дбар напхгара аиҭон. 2020 шықәса лаҵарамза инаркны ари амаҵура ааникылоит Вадим Ҳаразиа.

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Арепатриациазы аилак уаанӡатәи ахантәаҩы Беслан Дбар иганахьала ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Адемографиеи арепатриациеи рминистрраҟынтәи Арепатриациазы аҳәынҭкомитет ҳәа еиҭеиҿкаан 2020 шықәса мшаԥымзазы.

Дбар харас идырҵоит имаҵуратә ҭыԥ ихы иархәаны ҳәашгашрала, мҽхакы ҭбаала ЗҲәА "РемСтрой2012" адиректор Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Денис Ақаҩбеи алархәны амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит ҳәа.

Ашьаус хацыркуп Аԥсны Азакәанԥҵара анагӡашьазы ахылаԥшра аусбарҭаҟынтәи инанагаз аматериалқәа рышьаҭала.  

Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, 2018 шықәса нанҳәа 20 инаркны 2020 шықәса мшаԥы 24 рзы министрс иҟаз Дбар, амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит, гәыԥҩык ауаа - Лакербаиеи, Ақаҩбеи, иареи - заанаҵ  еицәажәаны мҽхакы ҭбаала абиуџьеттә ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны мцҳәарала, ишԥаршеиз заанаҵ идырны ишьақәиргылеит амаҵзуратә документқәа. Инагӡаз аусурақәа рыдкылан ҳәа иԥаршеиз актқәеи урҭ аусурақәа рыхәԥса зныз иԥаршеиз аилыркаагақәеи ҟаҵан, 2017 шықәса мшаԥы 28 рзы "Гәылрыԥшь араион Маҷара аҳаблан Далтәи амҩаҿы иҟоу акоттеџьтә еиланхарҭаҿы аӡымҩангагеи ацрыҵцарҭақәеи адәахьтәи рҳақәа" захьӡу аиқәшаҳаҭра анагӡаразы акәызшәа иҟаҵаны.

Госкомитет Республики Абхазия по репатриации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2020
Агәаҭаратә палата иаанарԥшит арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым аԥараныхра аҭыԥ шамаз

Адокумент ԥаршеиқәа рнапы аҵаҩуп - анардадаҩ хада Лакербаиа, атехникатә хылаԥшҩы Ақаҩба, аҿаҵаҟаҵаҩ Дбар. Дара рҿы еиҭанҵан уаанӡа инагӡаз: АУН "Аибӷа" 2013-2014 шықәсқәа рзы Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан акоттеџьтә ҳабла канализациалеи ӡымҩангагалеи реиқәыршәараз имҩаԥнагаз аусурақәа.

Абас ала, адокумент ԥаршеиқәа шьаҭас иҟаҵаны уаанӡатәи арепатриациа аминистр Дбар адҵа ҭижьит нанҳәа 24 2018 шықәса инаркны рашәара 28 2019 шықәсанӡа ЗҲәА "РемСтрой 2012" арепатриациа Афонд аҟынтәи иахыԥхьаӡалазарц аԥара. Иарбоу аамҭала аилазаара АБ "Универсал-Банки" АБ "Амра-банки" рҟны иамоу аԥхьаӡамҭахь инашьҭын 25 296 598 мааҭ. Дара еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы чекла Лакербаиа иҭигеит, Ақаҩбеи Дбари иареи ирхатәыртәразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0